20:01, 3 Августа 2020
878
19:08, 3 Августа 2020
738
18:52, 3 Августа 2020
890
18:34, 3 Августа 2020
893
18:23, 3 Августа 2020
865
17:17, 3 Августа 2020
1177
15:57, 3 Августа 2020
973
13:49, 3 Августа 2020
1018
12:54, 3 Августа 2020
917
10:27, 3 Августа 2020
949
23:15, 2 Августа 2020
1184
22:58, 2 Августа 2020
1233
12:30, 2 Августа 2020
1420
17:58, 1 Августа 2020
1184
17:38, 1 Августа 2020
1252
Популярное
“Ҳтәылеи ҳауаажәлари рҧеиҧш лаша аиҭаҳәаразы алшарақәа Анцәа ишәаҭәишьааит!” – Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба
3223
11:55, 31 Января 2015
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура “Аҧсныпресс” ҩажәашықәсатәи аиубилеи адиныҳәалеит.
Адныҳәалара иаҳәоит абас:
“Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура “Аҧсныпресс” аусзуҩцәа зегьы, ажурналистцәа!
Аҧсны аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура “Аҧсныпресс” ҩажәа шықәса раахыстәи аҭоурых ихьыҧшым, зхы иақәиҭу Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых иузаҟәымҭхо иалоуп. Иароуп ҩажәа шықәса рыҩныҵҟа еиҧҟьарак ҟамҵаӡакәа ҳазҭагылоу аамҭазтәи Аҧсны аҭоурых адунеи ахьынӡанаӡааӡо иахьызыгӡоз, аҿахәы еиҭазҳәоз усбарҭаны иҟаз.
“Аҧсныпресс” аусура аамҭақәа зегь раан аинформациатә маҵзураҿы иҟан зҭакҧхықәреи, зыпрофессионалтә зыҟаҵареи ҳаракыз, ҳтәыла алахьынҵа, уаҵәтәи аҧеиҧш иазхәыцуаз, гәыҵхас измаз ажурналистцәа.
Аҧсҭазаара – ҿиароуп, ҧхьаҟа цароуп. Иахьа “Аҧсныпресс” амаҵзура 20 шықәса анахыҵуа, агәра згарц сҭахуп, уи зныз амҩа ҧхьаҟа изгаша, аҿыц алазгалаша, аинформациатә маҵзура ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари рыҧсҭазаараҿы ҭыҧс иааннакыло, инанагӡо амиссиа ду аҵакы еилызкаауа абиҧара ҿыц шаҵагылаз.
Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарратә аинформациатә маҵзура “Аҧсныпресс” аусзуҩцәа зегьы, ажурналистцәа! Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәнапы иану аус аҿы аихьӡара дуқәа. Ҳтәылеи ҳауаажәлари рҧеиҧш лаша аиҭаҳәаразы алшарақәа Анцәа ишәаҭәишьааит!”
Реклама
Информационные партнёры



























