20:01, 3 Августа 2020
878
19:08, 3 Августа 2020
738
18:52, 3 Августа 2020
890
18:34, 3 Августа 2020
893
18:23, 3 Августа 2020
865
17:17, 3 Августа 2020
1177
15:57, 3 Августа 2020
973
13:49, 3 Августа 2020
1018
12:54, 3 Августа 2020
917
10:27, 3 Августа 2020
949
23:15, 2 Августа 2020
1184
22:58, 2 Августа 2020
1233
12:30, 2 Августа 2020
1420
17:58, 1 Августа 2020
1184
17:38, 1 Августа 2020
1252
Популярное
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш рыдиныҳәалеит.
762
10:00, 23 Июля 2020
Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2020 ш. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр ду зқәу Аԥсны жәлар!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл азгәдууреи, агәышьҭыхреи зцу аныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш!
Аԥсны жәлар ҳзы игәазырҳагоу аҳәынҭқарратә дыргақәа, ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра иақәлоуп. Жәлар рԥыза Владислав Арӡынба инапхгарала Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ԥхынгәымза 23, 1992 шықәса рзы ишьақәнарӷәӷәеит еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы-апатриот Валери Гамгиа иаԥиҵаз аексизқәа рыла Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби.
Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Аԥсны ахьчаҩцәа ҳбираҟ ԥшӡа ианықәны ауп ишцоз ахақәиҭраз ажәыларахь, уи Аиааира иасимволуп. Ҳҳәынҭқарратә бираҟ дыргас ирымоуп ҳажәлар рықәҿиарақәа. Агәра ганы сыҟоуп ихьыԥшым Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ иақәнагоу аҭыԥ ылнахраны ишыҟоу жәларрыбжьаратәи аиҿкаара дуқәа рыҟны! Нагӡара ақәзааит ҳаԥсадгьыл Аԥсны, наунагӡа иахышәыршәырлааит аԥшзара иакны иаго аԥсуа бираҟ! Шьардаамҭа Аԥсынра!

Реклама
Информационные партнёры