Лента новостей

Популярное

Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар рпоет, Д . И. Гәлиа ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Рушьбеи Смыр иубилеи идиныҳәалеит

2454
14:14, 13 Февраля 2015
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар рпоет, Д . И. Гәлиа ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Рушьбеи Смыр иубилеи идиныҳәалеит
Аҧсны Ахада Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр иубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы абас аҳәоит:

Акыр иаҧсоу Рушьбеи Ҳазараҭ-иҧа!

Иахьатәи амш уара уҧсҭазаараҿы, урҿиаратә биографиаҿы акры зҵазкуа рыцхәуп: иухыҵуеит 65 шықәса. Ари – уҧсҭазааратә, урҿиаратә ҟәыҕара, удунеихәаҧшра шәага-загас иамоу, апоезиатә гәеизҳара ҿыц узҭоу қәроуп. Уара укалам-ҧынҵа иҵужьхьеит 16 шәҟәы. Урҭ еилыхха ирныҧшуеит ҩашьара зқәым убаҩхатәра, убызшәа абеиара, усахьаркыратә хәыцшьа акультура ҳаракы. Уруаӡәкыуп амилаҭтә - хақәиҭратә қәҧара ахыҵхырҭаҿ игылаз, иахьагьы ааҧсарак ҟамҵакәа Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра, уи аӡыргара амаҵ азызуа аҧсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа нагақәа. Ҳауаажәлар еснагь ргәы хыҭ-хыҭуа ирзыҧшуп уара уқәгыларақәа, ухшыҩзцарақәа, иҟауҵо абжьагарақәа, алкаақәа.

Гәык-ҧсыкала иузеиҕьасшьоит агәамч ҕәҕәа, ашықәсынҵыра ду, ҧхьаҟатәи арҿиаратә еихьӡарақәа.

Возврат к списку


Погода
Яндекс.Погода
Курс валют
Социальные сети
Реклама
Информационные партнёры