Лента новостей

Популярное

Соболезнования Всемирного Абхазо-абазинского конгресса в связи со смертью Герой Абхазии истинного патриота своей Родины Гиви Агрба

2073
14:39, 28 Августа 2014
Соболезнования Всемирного Абхазо-абазинского конгресса в связи со смертью Герой Абхазии истинного патриота своей Родины Гиви Агрба

Ҳара  ахаангьы ҳрызрыцҳамызт лашарбаган иаҳзылашоз, зыуаҩра ҳарак иабзоураны ҳԥеиԥш ҳахьыԥшуаз,  ашәарҭаамҭаз згәымшәара ҿырԥшыганы иаҳзыҟалоз  афырхацәа. Убарҭ ирыбзоураны  зқьышықәсала ҳазлаз аӡыблара ҳаламӡкәа ҳаиқәханы  иахьанӡа ҳааит. Афырхацәа ршьа ԥсуам, иӡуам, уи здақәа ирҭалаз  ирыбзоураны  ҳажәлар адунеи иақәлахараны иҟоуп.

Ҵҩа рымамкәа ажәҩан қәызҵо аеҵәақәа рахьтә шаҟа былхьоу, иццышәхахьо здыруада?  Аеҵәа ԥсхьазаргьы, уи зны иахылҵыз алашара  наунагӡа инхоит. Убас ауп, Аԥсны аҵеи лаша, афырхаҵа  хьӡырҳәага Гиви Камыгә-иԥа Агрба ижәлар рыԥсҭазаара далахәны дшынхо!

Шәыбжак инареиҳаны  адунеи атәылақәа рҟны инхо аԥсуааи, урҭ ргәырҩа рыцеиҩызшо рашьцәеи, Аԥсны зхы иақәиҭу ҳәынҭқарраны ашьақәгылара зыбзоуроу аԥхьагылаҩцәа ируаӡәкәу ауаҩы игәалашәара аҿаԥхьа ихырхәо, Аԥсны ыҟанаҵ  ихьӡ шкамшәо агәра ргоит!    

 

Аԥсуа-абаза жәлар адунеизегьтәи Рконгресс

апрезидент  Тарас Шамба

Амаӡаныҟәгаҩ хада  Геннади Аламиа

 

 

 

 


Возврат к списку


Погода
Яндекс.Погода
Курс валют
Социальные сети
Реклама
Информационные партнёры