Ажәабжьқәа

Популярное

Ҭҟәарчали Краснодари рыбжьара автобусқәа ныҟәалоит.

463
12.03.2013 13:35

Аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Ҭҟәарчали Краснодари рыбжьара автобус аныҟәара иалагеит. Аԥышәа змоу амашьынаныҟәцаҩцәа Сергеи Ачбеи Игор Ахбеи изықәтәоу автобус асааҭ 14.00 рзы раԥхьатәи апассаџьырцәа ақәыртәаны Краснодарҟа амҩа иқәлеит. Уи Краснодар инеиуеит хәажәкырамза 13 асааҭ 4.30 рзы,- ааицҳаит Аԥнсыпресс ахь Атранспорттә наплакы ахада —Ҭенгиз Какәбаа. Уи иажәақәа рыла автобус ҩымш рахь знык Краснодарҟа ицалоит.

Ари амаршрут аадыртаанӡа ақалақь ауааԥсыра аҳҭнықалақь ахь ицаны абилетқәа аархәар акәын, уи имаҷымкәа ауадаҩрақәа рызцәырнагон.

Иазгәаҭаҭәуп Ҭҟәарчал ишынхо Краснодар аҵара зҵо астудентҵәа, убри азы ас еиԥш иҟоу ареис хымԥадатәиин. Уаанӡа Ҭҟәарчалынтәи атәыла анҭыҵ ишиашо автобус бжьаӡамызт.

Автобус зегь рыла еиқәыршәоуп- иманшәалоу акреслақәа рыла, арԥхага-архьшәага системала, иҟоуп иара убасгьы ателевизор.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа