Ажәабжьқәа

Популярное

“Ҧсра зқәым аполк”, аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аҧкратә унагӡатәқәа рырмаҷра, Аинвестициатә Программа: Алеқсеи Двинианин апресс-конференциа мҩаҧигеит

2941
09.06.2020 15:47
“Ҧсра зқәым аполк”, аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аҧкратә унагӡатәқәа рырмаҷра, Аинвестициатә Программа: Алеқсеи Двинианин апресс-конференциа мҩаҧигеит
Апресс-конференциа рхы аладырхәит иара убас Аҧсны иҟоу Урыстәыла аусацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха, Аҧсны иҟоу “Аиааира аволонтиорцәа” ҳәа аиҿкаара акоординатор Ервин Михин.

Аҟәа. Рашәарамза 9. Аҧсныпресс. Дырмит Басариа. Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианини, иара убас Аҧсны иҟоу Урыстәыла аусацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чехеи, Аҧсны иҟоу “Аиааира аволонтиорцәа” ҳәа аиҿкаара акоординатор Ервин Михини имҩаҧыргаз апроесс-конференциа аҿы акороновирусттә ҿкы чымазара COVID–19 аҿагылареи, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара 75-шықәса аҵра иазку аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи, Урыстәыла Аныҳәамш Аҧсны азгәаҭареи, уҳәа аусхкқәа рҿы аусеицура атәы иалацәажәеит.

Алексеи Двинианин еизаз иргәалаиршәеит, рашәарамза 12 – Урыстәыла амилаҭтә ныҳәамш – Урыстәылатәи Афедерациа Амшныҳәа азгәарҭоит. “Ари аныҳәамш азгәаҭара иазку аусмҩаҧгатәқәа рӷьырак, ҳара аҧснытәии урыстәылатәии аколлегацәа алархәны онлаин арежим ала амҩаҧгара ҳгәы иҭоуп. Урыстәыла Амш, Аҧсны ауааҧсырагьы уахь иналаҵаны, миллионҩыла ауаа рҧеиҧш акыр анырра азҭаз, Асовет Еидгыла ахыбгалара иацыз атрагедиатә хҭысқәа ирыдҳәалоуп. Урыстәыла аҭоурых ҳаамҭазтәи аетап аҿы асистематә кризис аҿы иҟалеит, атрансформациа акыр ихьанҭаны иазнагоит. Аха Урытәылатәи ажәлар ирылоу алшарамчи ахачҳареи ирыбзоураны, атәыла аекономика аиҭашьақәыргылареи, ҩаҧхьа жәларбжьаратәи арена аҿы ахы ацәыргара ҳалшеит. Убас ала, рашәарамза 12-ҿыц еиҭашьақәыргылоу, иӷәӷәоу аҳәынҭқарраны  аҿиарамҩа иану Урыстәыла Аныҳәамш ауп. Иахьа ҳтәыла активра злоу аглобалтә лахәыланы иҟоуп ҳәа уҳәар алшоит. Ҳара ҳхатәы интересқәеи, Ареспублика Аҧсны зхыҧхьаӡараҿы иҟоу хаиҩызаратә ҳәынҭқаррақәа ринтиресқәеи рыхьчара алҳаршоит. Иазгәаҭатәуп, 2008-шықәсазы иҟалаз Аҧсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ-Уаҧтәылеи рҳәынҭқарратә хьыҧшымра азхаҵара ҳадәныҟатәи аполитика азы шьҭахьҟа иузмыргьежьуа еиҭасраны иҟалеит. Убри аан Ацҳаражәҳәаҩ аҧснытәи ашколхәыҷқәа, Урыстәыла аусацура Ахаҭарнакра ала еиҿкааз, Урыстәыла иазкны ажәеинраалақәа раҧхьара аконкурс рҽахьаладырхәыз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Иара убас, Ацҳаражәҳәаҩ Аҧсны ауааҧсыра сынтәа 75-шықәса зхыҵуа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш “гәыхыҭхыҭрала, гәыкалала” разнеишьеи, ареспублика аҿы инхо аветеранцәа ироуа агәҵаракреи, ҳазхылҵыз ҳаиҳабацәа рфырхаҵара агәалашәара ахьчареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. “Уи Урыстәыла атәылауаа зегьы ҳаҭыр ду рзақәуп, уи иахьа, аҭоурых афальсификациеи ацәгьоуцәа рыриашара азы аҽазышәарақәеи аҭыҧ анрымоу аамҭазы акырӡа аҵанакуеит. Иаагозар, Прага ақалақь аҿы Чехословакиа анемец фашистцәа рҟынтәи ахы иақәиҭызтәыз амаршал Конев ибаҟа ықәган. Харьков ақалақь аҿы акәзар, украинатәи анацистцәа амаршал Жуков ибаҟа хдырбгалеит. Аиаира ҳзеиҧш лагала иасимволны иҟалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҧызацәа реиҧш, Аиаира Амш иазкны еиҿкаахо Апаради, рашәарамза 24 рзы Москва ақалақь аҿы иазҧхьагәаҭоу егьырҭ аныҳәатә усмҩаҧгатәқәеи илахәхара”, – ҳәа иазгәеиҭеит Алеқсеи Двинианин. Уи иажәақәа рыла, уажәшьҭа итрадицианы ишьақәгылаз акциа “Ҧсра зқәым аполк” еиҿкаахоит Москва ақалақь аҿы, рашәарамза 26 рзы. Ацҳаражәҳәаҩ иарбоу аусмҩаҧгатә Аҧсны Аҳәынҭқарраҿгьы иахәҭоу аҩаӡараҿы амҩаҧгара алзыршо аепеидемиологиатә ҭагылазаашьа  шақәгылап ҳәа агәыӷра ааирҧшит.

Алеқсеи Двинианин Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицура иаҵоу аҵакы ҷыдала иазгәеиҭеит: “Ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара ҟалеижьҭеи 12 шықәса шыҵхьоугьы, урҭ рымҽхак, иарбоу ақәра аҵкьыс акырӡа еиҳауп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Ҳусеицура азин-еиқәшаҳаҭратә база шәкы инареиҳаны аусшәҟәқәа рыла ишьақәгылоуп, уи аҿиареи аиӷьтәреи иазырхоу аусурагьы иацҵоуп. Аҧснытәи ҳколлегацәеи ҳареи аиҳарак ала ахшыҩзышьҭра заҳҭо иреиуоуп абҵарамза 24, 2014 шықәса рзы аҩ-ҳәынҭқаррак ирыбжьарҵаз “Аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы” Аиқәшаҳаҭра, уи асекторалтә еиқәшаҳаҭрақәагьы уахь иналаҵаны, апунктқәа зегьы рынагӡара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҳҭоит.

Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Аинвестициатә Программа анагӡаразы адырра ҟаиҵеит: “Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа 2020-2022 шш. Аинвестициатә Программа шьақәнарӷәӷәеит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла аҿиара иазоужьхоит 4,5 млрд мааҭ инарзынаҧшуа. Иарбоу аҧаратә хархәагақәа ареспублика Анапхгара ақәшаҳаҭрала Аҧсны хадара злоу аинфратруктуратә проектқәа рынагӡарахьы идәықәҵахоит. Ахәҭакахьала, амҩадуқәа реиҭашьақәыргылареи рырлашареи, афымцамҩангагақәа рыҧсахра, аӡымҩангагатә системақәа рышьақәыргылара, амедицинатә усбарҭақәа рыҿиара, Гагра акурорти, егьырҭ асоциалтә ҵакы змоу ахықәкқәеи рынагӡаразы иазоужьхоит”.

Иара убас, Алеқсеи Двинианин ишазгәеиҭаз ала: “Урыстәыла Аҧсны ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵареи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи Аҧсни аусеицура рыбжьаҵареи рзы адгылара ӷәӷәа ҟанаҵоит. Абжьааҧны ас еиҧш аусура ауаажәларра рҿы уамак улаҧш зыдхало акакәны иҟам, уи ирыргамам аҟазшьа аиҳарак ала аиашара иадгыланы Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара иазхиоу, аха Карҭ Мраҭашәаратәи ажәахырҵакыҩцәа рганахьала ақәыӷәӷәара иацәшәо атәылақәа ринтересқәа аҧырхагамхаразы агәазыҳәара иадҳәалоуп. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Раминистрреи ҳареи ҳусеицура иаанарҧшит ареспублика ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы ақәҧара ишадгыло, аиҧш-зеиҧшу аҭоурыхтә епизодқәа змоу  имаҷымкәа адунеи атәылақәа. Аха, урҭ рахьынтә, иахьа Қырҭтәыла иааннакыло Урыстәыла аҿагылара иазырхоу апозициа азы иарбоу азҵаараҿы адгылара азҭо аколлективтә Мрагылара макьаназы аҿагылара зылшо маҷуп. Иарбоу аконтекст аҿы, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи уи напхгара зиҭо акомандеи хаҭалатәи рлагала азгәасҭарц сҭахуп. Урҭ русура иалҵшәаны атәыла адунеи зегьы аҿы аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәа ессааира рхыҧхьаӡара еизҳауеит”.

Ацҳаражәҳәаҩ аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аҧкратә уснагӡатәқәа рырмаҷра далацәажәеит: “Анцәа иџьшьаны, Урыстәыла аҩныҵҟеи, уи иаҧну аҳәынҭқаррақәеи рҿы  аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иаҿуп. Маҷ-маҷ аҧкрақәа раҧыхра мҩаҧысуеит, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысрагьы уахь иналаҵаны. Конкретла уи зыдҳәалоу абарҭ аҧҟарақәа роуп: уажәырнахыс Урыстәылаҟа аиасра рылшоит ахәышәтәразы ицо ауаа. Аҳәаа аҿы, атәылауаҩшәҟәқәа ргәаҭара анаҩс, амедицинатә усбарҭа, ма Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аҟынтәи ааҧхьара аоригинал, мамзаргьы ахкьыҧхь арбара хымҧадатәиуп. Иара убас, ахылаҧшра зҭаху ичмазаҩу ауацәа гәакьақәа (аҧшәмаҧҳәыс, аҧшәмахаҵа, аҭаацәа, ахшаара, ааӡара игоу, аопекунцәа, уҳәа) рахь зныктәи аиасра азы азин ыҟоуп. Аиҧш-зеиҧшу азин роуит Аҧсны ичмазаҩу зыуацәа гәакьақәа нхо Урыстәыла атәылауаагьы. Убасҵәҟьа, Урыстәыла знык алҵразы азин рымоуп аҭаацәа иреиуоуи дареи реиҭаҽеидҵара азы”.

Алеқсеи Двинианин  акороновирусттә ҿкы чымазара COVID–19  аҿагылара аҿы аҧсуа гани Урыстәылатәи агани русеицура атәы далацәажәеит: “Агәҽанызаареи иахәҭоу аусмҩаҧгатәқәа ианаамҭоу азы анагӡареи роуп –акороновирус алаҵәара иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеиразы зегьы реиҳа хра зланы иҟоу. Агәра ганы сыҟоуп, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, иахьамзар-уаҵәы Урыстәыла еиҧш Аҧсынгьы аҽшеиҭанакуа,  ишҭышәынтәалахо, ҳара зегьы ҳзышьцылахьоу аҧсҭазаашьа ҳшазыхынҳәуа. Уажәазы ҳара ҳтәыла Анапхгара  ареспублика асоциал-економикатә ҿиара арманшәалара хықәкыс иҟаҵаны афинанстә цхыраара аҭара азҵаара аӡбара мҩаҧнагоит. Уаанӡа, аҧснытәи Анапхгара иҟанаҵаз аҳәарала, Урыстәылатәи Афедерациа Амшынеиқәатә Флот арадиациатә химиатә, абиологиатә хьчара азы еизаку аотриад Аҧсны араионқәа зегьы рҿы иҟоу ауаажәларратә обиектқәа жәпакы рҿы асанитартә усадулара мҩаҧнагеит. Урыстәыла ахархәарахылаҧшра Анапхгараҭара аганахьала ареспублика ахь хәыда-ҧсада иааган акоронавирус адиагностика азы атест-системақәа “Вектор”. Аҧсны еизгоу абиоматериал анализ Ставропольтәи аҭҵаара-дырратә аршра (чума) аҿагыларатә Институт шәачатәи аҟәша аҿы имҩаҧгахоит. Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭагьы иалшоз ала алагала ҟанаҵеит – “Ҳара ҳаицуп” ҳәа хьӡыс иаманы аусдкылаҩцәа иаҧырҵаз аиҿкаареи, Москватәи аҧсуа диаспореи иаархәаз амедицинатә еиқәыршәагақәа Аҧсныҟа раагара аҿы ацхыраара раҳҭеит. Ҳара аринахысгьы аҧснытәи ҳҩызцәа рыцхыраара ҳазхиоуп, урҭ рҟынтәи иҳауа аҳәарақәа зегьы хымҧада ахаҵгылара аиулоит”.

Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы Аҧсны иахьаҵанакуа ареферендум амҩаҧгара азы азҵаара аҭак ҟаҵо, Алеқсеи Двинианин, Аҧсны Анапхгара ақәыршаҳаҭны уи араҟа  аиҿкаара азы аӡбара рыдыркылахьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа