27.07.2020 14:29
926
23.07.2020 17:30
869
23.07.2020 16:39
837
23.07.2020 14:33
821
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
843
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4348
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа Хадеи Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭеи ирҭааит.
869
23.07.2020 17:30
Атәыла аԥыза-министр Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара Аминистррақәа русеицура шымҩаԥысуа азы адырра ирҭеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2020 ш. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа ахаҭарнакцәа идикылеит.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Цахнакьиа, аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа.
Агәабзиарахьчара аминистр аԥыза-министр иааз иколлегацәа иирдырит: “Иҿыцу акоронавирусттә ҿкы чымазара Covid-19 злаҽыз ауаа ахырхарҭатә цхыраара рыҭара иазку аусура назыгӡо Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа аконсультатив-методикатә цхыраара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны ҳара ҳахь иааит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аспециалистцәа: Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара Аминистрра зықәра наӡоу ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкаара Аусбарҭа астационартәии ҷыдалатәи ахықәкытә медицинатә цхыраареи рыҟәша аиҳабы, Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи аспециалист-аепидемиолог Дмитри Гурбич, аҳәынҭқарратә биуџьеттә агәабзиарахьчара аусбарҭа “Аклиникатә аонкологиатә диспансер -1” (ГБУЗ «Клинический онкологический диспансер 1») аепидемиологиатә ҟәша аиҳабы Ирина Анишьук, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра иатәу Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә Усбарҭа “Афтизиопульмонологиеи аинфекциатә чымазарақәеи рзы Амилаҭтә медицинаҭҵааратә Центр” (“НМИЦ ФПИ”) аҳақьым-аинфекционист Александр Дмитриев.
Ҭамаз Цахнакиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аԥснытәии урыстәылатәи аспециалистцәа Гәдоуҭатәи ареспубликатә хәышәтәырҭа Хадеи Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭеи ирҭааит.
“Ҳара Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу ахәышәтәырҭа ҳаҭааит, уи иамоу аматериал-техникатә база, ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара, амедицинатә персонал аусура аиҿкаара, уҳәа агәаҭарақәа мҩаԥаагеит. Ачымазаҩ ииагаразы ахархәара зауа аматериалқәа ҳрыхәаԥшит. Иара убас, ҳара иаҳзеиҭарҳәеит араҟа акоронавирусттә ҿкы чымазара алаҽра аилкаара азы ПЦР-диагностика шымҩаԥырго атәы, - ҳәа Алеқсандр Анқәаб адырра ииҭеит Дмитри Гурбич.
Ахәышәтәырҭақәа рҭаара ашьҭахь урыстәылатәи аспециалитцәа Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥгаз аилатәара рхы аладырхәит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа