Ажәабжьқәа

Популярное

Амиран Какалиа: ауаа рқыҭақәа рахь ихынҳәуеит, адгьыл ақәаарыхара иалагоит

4236
27.05.2020 19:05
Амиран Какалиа: ауаа рқыҭақәа рахь ихынҳәуеит, адгьыл ақәаарыхара иалагоит
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадио Еилахәыра апресс-центр аҿы ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо ипресс-конференциа мҩаҧысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 27. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьба. Апресс-конференциа аҿы ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Амиран Какалиа ааҧынтәи адәытә усурақәеи, ақыҭанхамҩа аҿиара азы иҟоу азҧхьагәаҭарақәеи дрылацәажәеит.

Амиран Какалиа ишазгәеиҭаз ала, уажәы ақыҭанхамҩа аҿы иҿыцу атенденциа цәырҵит ҳәа уҳәар алшоит – ауаа рқыҭақәа рахь ихынҳәуеит, адгьыл ақәаарыхара иалагоит. “Ҳара Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿы аграртә сектор аиҭарҿиаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп. Ҳаамҭазтәи азнеишьақәа аҭахуп. Атәыла аҿы, астатистика азы аҳәынҭқарратә Еилакы иамоу адыррақәа рыла, ашәҟәы иҭагалоуп 33 нхамҩы-ферментә нхамҩақәа. Уи даара имаҷуп. Ҳара адыррақәа рбаза ҿыц ашьақәыргылара ҳгәы иҭоуп. Хымҧада ақыҭанхамҩатә шәҟәҭагалара мҩаҧаагароуп”, – ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр инапынҵақәа назыгӡо атәыла аҿы аус зуа амашьына-трактортә станциақәа рҭагылазаашьа далацәажәеит: “Ҳара Аҧсны иахьаҵанакуа иҳамоуп 7 амашьына-трактортә станциақәа. Урҭ зегьы ареспубликатә унитартә наплакқәоуп, аха  дара русура алҵшәқәеи ахашәалахәи рзы хаҭалатәи аҭакҧхықәра нарыгӡоит (хозрасчёт). 2019 шықәсазы ақыҭанхамҩа Аминистрра иарбоу ареспубликатә унитартә наплакқәа рфинанстәра ахахьы иамгаӡеит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Убри аҟнытә анаплакқәа ахәашәалахәы аиурахьы рыиагара азы аӡбара рыдыркылеит.  Уажәы амашьына-трактортә станциа аҿы 120 инареиҳаны атракторқәа ыҟоуп.”

Амиран Какалиа ацәаӷәаратә усурақәа шымҩаҧысуа атәы еиҭеиҳәеит: “Лаҵарамза 22 рзы ареспублика аҿы ицәаӷәаны ишьҭан 5 371 гектар адгьыл, иаагозар, аиҧш-зеиҧшу аамҭахәаҭа азы ицәаӷәан 2 775 гектар. Ақыҭанхамҩа Аминистрра амеханизациа аҟәша аспециалистцәа разҧхьагәаҭарақәа рыла, сынтәа зынӡа 7 нызықь гектар  инареиҳаны ицәаӷәахоит, избан акәзар, хазхаҭалатәи атракторқәагьы ыҟоуп, иҟоуп зхатәы техника змоу анхаҩы-фермертә нхамҩақәагьы. Амашьынтә-тракторттә станциақәа рымчала иахьазы ицәаӷәоуп 1 521 гектар адгьыл, адгьыл аус адулара иазку егьырҭ апозициақәа зегьы – ацәаӷәара, ачалтра, алаҵара, акультивациа, уҳәа ҳасаб азуны уахәаҧшуазар, усҟан амашьына-трактортә станциақәа рымчала  2 257 гектар адгьыл аус адулара алыршоуп ҳәа уҳәар алшоит”.

Ақыҭанхамҩа Аминистрра 2020 шықәсазы амашьына-трактортә станциа атехника ала ақыҭанхамҩатә усурақәа рынагӡаразы аамҭалатәи атарифқәа шьақәнаргылеит. Убас: 1 гектар адгьыл ацәаӷәареи, ачалтреи, алаҵареи рзы ишәатәхоит 5 855 мааҭ.

Убри аан, Амиран Какалиа иажәақәа рыла, иарбоу атарифқәа рыла анаплакы ахашәалахәы аиуӡом. Аха уеизгьы, апандемиа иадҳәаланы ишьақәгылаз иуадаҩу аамҭазы адгьыл аус адулара аҿы анхацәа ацхыраара рыҭара азы аӡбамҭа Аминистрра инарҭбаау аилатәара аҿы ирыдыркылеит. Иара убас, зматериалтә ҭагылазаашьа мариам 130 инарзынаҧшуа ақыҭақәы рҿы инхо аҭаацәа рзы 60 гектар инареиҳаны адгьыл хәыда-ҧсада ицәаӷәан. Уи ареспубликатә унитартә наплакқәа иақәдырхарџьит 200 нызықь мааҭ инареиҳаны.

Аминистр инапынҵақәа назыгӡо ишазгәеиҭаз ала, ааҧынтәи ацәаӷәаратә усурақәа рынагӡара аихшьаалақәа рыла, зҽалызкааз амеханизаторцәа аџьшьара рыҭахоит, урҭ ареспублика аҿы аус зуа агәабзиарачаҧарҭақәа рахь ҧсшьара ҳәа рдәықәҵара азҧхьагәаҭоуп.

Иара убас, Амиран Какалиа арасаҭрақәа реиқәырхара азы имҩаҧгоу аусурақәа рзы адырра ҟаиҵеит: “2017-2018 шш. ареспублика аҿы араса аарыхра  0% рҟынӡа инаӡеит. Аҧышәатә проектқәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, амашьына-трактортә станциақәа рбаза аҿы асаминарқәа мҩаҧган, ауаа араса аарыхра аиқәырхара азы иҟаҵатәу  азы адыррақәа рырҭон. Иҳаҩсыз ашықәс азы бжьаратәла, араса аарыхра 85-87% рҟынӡа инаӡеит. Атәыла аҿы иҟоуп 15 нызықь гектар инарзынаҧшуа арасала еиҭаҳау адгьылҵакырақәа, 10 нызықь инарзынаҧшуа аҭаацәа рбиуџьет иаадрыхыз араса аҭира аҟынтә иаҭнырхыз аҧара ала ишьақәгылоуп”.

Аминистр инапынҵақәа назыгӡо ақыҭанхамҩа аҿы аҧхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкқәа рнырҵәара азы Урытәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз агуманитартә цхыраара далацәажәеит: “Иҳаҩсыз ашықәс азы ацәҩаҧшь пты аҿагылара азы Урыстәылантәи Аҧсныҟа 5 нызықь литр инарзынаҧшуа ахимиатә маҭашьарқәеи, 130 ақәырҭәагақәеи ааган. Сынтәа ҳара иҳауит 4 800 литр ахимиатә маҳашьарқәеи, 120 ақәырҭәагақәеи”.

Уи иажәақәа рыла, 2019 шықәсазы ацәҩаҧшь пты напыла аизгара азы Аҧсны Анапхгара ала иазоужьхеит 7 миллион мааҭ. Еизганы иқәхуп 5 404 килограмм инарзынаҧшуа аҧырхага зырҿио ахәаҷа-маҷа хкы. Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ишазгәарҭо ала, 2017-2018 шш. ирҿырҧшны уахәаҧшуазар, Аҧсны ацәҩаҧшь пты, даҽакала иуҳәозар амармалташь пты апопулиациа  аиҵатәра 54% рҟынӡа инаӡеит. Сынтәа ақыҭанхамҩа Аминистрра абиуџьет 15 миллион мааҭ рҟынӡа ауп иахьынаӡо. Убри аан,  мшаҧымза 28, 2020 шықәса рзы Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа ацхантәаҩцәа рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Аҧсны ақыҭанхамҩаҿы аҧхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рықәгаразы 117 миллиони 780 нызықь мааҭи азоужьуп. Урҭ рахьынтә 8 миллион мааҭ амармалташь пты напыла аизгаразы аныхра азҧхьагәаҭоуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа