27.07.2020 14:29
732
23.07.2020 17:30
667
23.07.2020 16:39
653
23.07.2020 14:33
619
23.07.2020 14:20
629
23.07.2020 10:36
643
09.06.2020 18:12
2895
09.06.2020 15:47
2859
08.06.2020 21:03
2831
01.06.2020 18:12
3350
01.06.2020 17:31
3352
01.06.2020 16:00
3317
27.05.2020 21:34
4166
27.05.2020 16:36
4208
Популярное
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш рыдиныҳәалеит.
619
23.07.2020 14:33

Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2020 ш. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр ду зқәу Аԥсны жәлар!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл азгәдууреи, агәышьҭыхреи зцу аныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш!
Аԥсны жәлар ҳзы игәазырҳагоу аҳәынҭқарратә дыргақәа, ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра иақәлоуп. Жәлар рԥыза Владислав Арӡынба инапхгарала Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ԥхынгәымза 23, 1992 шықәса рзы ишьақәнарӷәӷәеит еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы-апатриот Валери Гамгиа иаԥиҵаз аексизқәа рыла Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби.
Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Аԥсны ахьчаҩцәа ҳбираҟ ԥшӡа ианықәны ауп ишцоз ахақәиҭраз ажәыларахь, уи Аиааира иасимволуп. Ҳҳәынҭқарратә бираҟ дыргас ирымоуп ҳажәлар рықәҿиарақәа. Агәра ганы сыҟоуп ихьыԥшым Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ иақәнагоу аҭыԥ ылнахраны ишыҟоу жәларрыбжьаратәи аиҿкаара дуқәа рыҟны! Нагӡара ақәзааит ҳаԥсадгьыл Аԥсны, наунагӡа иахышәыршәырлааит аԥшзара иакны иаго аԥсуа бираҟ! Шьардаамҭа Аԥсынра!

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.