27.07.2020 14:29
926
23.07.2020 17:30
869
23.07.2020 16:39
837
23.07.2020 14:33
821
23.07.2020 14:20
795
23.07.2020 10:36
843
09.06.2020 18:12
3091
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3546
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4348
27.05.2020 16:36
4412
Популярное
Алеқсандр Анқәаби Валери Маремукови Ауаажәларратә Еиҿкаара “Адыга Хаса” аусура хадара злоу ахырхарҭақәа ирылацәажәеит
3091
09.06.2020 18:12
Аҧыза-министр, атәыла Анапхгара Ауаажәларратә Еиҿкаара “Адыга Хаса” аусура адгылареи ацхыраареи рыҭара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аҟәа. Рашәарамза 9. Аҧсныпресс. Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҧсны иҟоу Ауаажәларратә Еиҿкаара “Адыга Хаса” ахантәаҩы Валери Маремуков диҧылеит.
Аиҧылара аҿы Валери Меремуков аиҿкаара аусура аформати ихадоу ахырхарҭақәеи ртәы еиҭеиҳәеит. Уи ишазгәеиҭаз ала, аиҿкаара Жәларбжьаратәи ачеркесстә Ассоциациа аилазаараҿы ала, Нхыҵ Кавказ иҟоу 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра хатәгәаҧхарала иалахәыз реидгыларақәеи, аветеранцәа реидгыларақәеи мҽхакы ҭбаала аусеицура рыбжьоуп.
Аҧсны иҟоу Ауаажәларратә Еиҿкаара “Адыга Хаса” еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтәи арепатриантцәагьы уахь иналаҵаны, 500-ҩык инарзынаҧшуа иалоуп.
Валери Маремуков иажәақәа рыла, иахьа аиҿкаара аусура ахырхарҭа хадақәаны иҟоуп уи алахәылацәа асоциалтә цхырара рыҭара, урҭ рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара.
Алеқсандр Анқәаб игәаанагарала, иарбоу аиҿкаара аусура акырӡа аҵанакуеит, актуалрагьы аҵоуп. “Иахьа иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи, урҭ ирымоу аимабзиареи аидгыларатә ҟазшьеи еиҵагыло аҿар рыхдырраҿы аанхара азы излауа ала ирацәаны аусура ахәҭаны исыҧхьаӡоит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алеқсандр Анқәаб.
Аҧыза-министр иара убас атәыла Анапхгара Ауаажәларратә Еиҿкаара “Адыга Хаса” аусура адгылареи ацхыраареи рыҭара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
(АП): Валери Маремуков – 1992-93 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, абаталион “Ҟабарда” акомандаҟаҵаҩ ихаҭыҧуаҩ, “Леон” иорден занашьоу, 2010 шықәса раахыс Ауаажәларратә Еиҿкаара “Адыга Хаса” алахәыла, 2015 шықәса раахыс – Жәларбжьаратәи ачеркесстә Ассоциациа алахәыла, 2019 шықәса рзы Аҧсны иҟоу Ауаажәларратә Еиҿкаара “Адыга Хаса” ахантәаҩыс далхуп.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа