27.07.2020 14:29
714
23.07.2020 17:30
647
23.07.2020 16:39
631
23.07.2020 14:33
603
23.07.2020 14:20
601
23.07.2020 10:36
623
09.06.2020 18:12
2871
09.06.2020 15:47
2839
08.06.2020 21:03
2809
01.06.2020 18:12
3326
01.06.2020 17:31
3332
01.06.2020 16:00
3297
27.05.2020 21:34
4148
27.05.2020 16:36
4182
Популярное
Аслан Бжьаниа: «Арбџьар мчқәа ҷыдала азҿлымҳара рыҭатәуп. Убри аҟнытә атәылахьчаратә усбарҭаҟны сааны, хаҭала Арбџьар мчқәа рҭагылазаашьа збароуп ҳәа исыԥхьаӡеит».
601
23.07.2020 14:20

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада атәылахьчара Аминистрра даҭааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23. Аԥсныпресс. Дырмит Басариа. Аԥсны Арбџьармчқәа Ркомандаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәылахьчара Аминистрра даҭааит.
Аԥсны Арбџьармчқәа рыпресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аусбарҭа аилазаара анапхгара злахәыз аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит, АА АМ Рыштаб хада аиҳабы, аофицерцәа, Атәылахьчара аминистрра аусбарҭақәа реиҳабацәа ражәахәқәа дырзыӡырҩит, ибеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рхархәара азԥхьагәаҭара иазку аусшәҟәқәа.
Аиԥылараҟны иара убас, атәылахьчаратә усбарҭаҟны аусура азԥхьагәаҭара, Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа аус рыцура уҳәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аслан Бжаниа иара убасҵәҟьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа Рмузеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра Рыштаб хада Акоменданттә рота, Аҟәатәи Иреиҳаӡоу арратә Ҵараиурҭа, Атәылахьчара Аминистрра Арҵаратә центр даҭааит, хыхь зыӡбахә ҳәоу аиҵаҟәшақәа рматериалтә-техникатә еибыҭашьа, аруаа рыбзазашьа, рыфатә еиҿкаашьа, уҳәа ргәаҭара мҩаԥигеит.
Арбџьар мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа атәылахьчара аусбарҭа иаҭаара хықәкыс иамоу азы ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаҵо инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Аҳәынҭқарра Ахада Арбџьар мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ Хада инапынҵақәа наигӡоит. Жәаҳәарада, Акомандаҟаҵаҩ Хада ар рыҟны иҟоу аҭагылазаашьа идыруазароуп. Убри аҟнытә атәылахьчаратә усбарҭаҟны сааны, хаҭала Арбџьар мчқәа рҭагылазаашьа збароуп ҳәа исыԥхьаӡеит. Ара ауадаҩрақәа шыҟоу еиԥш, аихьӡарақәагьы ыҟоуп. Афакторқәа зегьы ҳасаб рзаҳуеит. Сара Арбџьар мчқәа ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра алзыршо хадара злоу институтуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Убри аҟнытә арбџьар мчқәа ҷыдала азҿлымҳара рыҭатәуп. Аринахысгьы аусбарҭа аиҵаҟәшақәа лассы-лассы сырҭаалоит, апроблематика аҭҵааразы, ҳсолдаҭцәа, ҳофицерцәа, ҳаинралцәа рмаҵурахысра аиҕьтәразы”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.