27.07.2020 14:29
744
23.07.2020 17:30
681
23.07.2020 16:39
657
23.07.2020 14:33
627
23.07.2020 14:20
639
23.07.2020 10:36
649
09.06.2020 18:12
2905
09.06.2020 15:47
2875
08.06.2020 21:03
2837
01.06.2020 18:12
3362
01.06.2020 17:31
3366
01.06.2020 16:00
3329
27.05.2020 21:34
4184
27.05.2020 16:36
4220
Популярное
Абиуџьет анагӡара, ашәахтә лагалақәеи иназыцҵоу ахәҧса азы ашәахтә: Алеқсандр Анқәаб аилатәара мҩаҧигеит
2837
08.06.2020 21:03

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр Даур Кәырмазиа.
Аҟәа. Рашәарамза 8. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб атәыла аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр Даур Кәырмазиа алархәны имҩаҧигаз аусуратә еилатәара аҿы абиуџьети, ашәахтә лагалақәа разҧхьагәаҭареи рынагӡареи, иара убас ашәахтә система аиӷьтәреи ирылацәажәеит.
Даур Кәырмазиа 2020 шықәса 5 мыз ирылагӡаны Ахылаҧшырҭа инанагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит: “Ареспублика абиуџьет лаҵарамза иалагӡаны иалагалахеит 266 млн мааҭ. 5 мыз ирылагӡаны иалагалан 871 млн мааҭ, еизган 849 млн мааҭ. Убас ала, 5 мыз рыла аплан анагӡара 97% рҟынӡа инаӡеит”.
Убри аан, аминистр алкаа ҟаиҵеит, рашәарамза 1 аҟынӡа ашәахтә шәатәқәа рыла иҟоу анамӡара астандартә шәагаақәа рҟынӡа инаӡеит, убас ала уи 102 млн мааҭ рыла ишьақәгылеит. Уи иаанаго иҳаҩсыз аамҭахәҭақәа рзы, ус иуҳәар ауазар, ашәатәқәа разымхарала иаҧҵаз ашәахтә резерв еиҵахеит, 2019 шықәсагьы уахь иналаҵаны, ауалқәа ршәарала иааиуа амзқәа рзы ишьақәырӷәӷәоу аплан ахыхь анагӡара залымшахар ҟалап. Ҳаамҭазтәи ашәахтә анамӡара зегьы ааизакреи, рашәарамзазы ахыҧхьаӡаларақәа зегьы реицҵалыҵ иҳаҩсыз ашықәс азы аиҧш-зеиҧшу аамҭахәҭа азы иҟаз аасҭа еиҵамхар, усҟан ҳара 170 млн мааҭ еиҵамкәа аизгара ҳалҳаршоит. Аха, иахьатәи амш азы иҳаҩсыз амзақәа ирҿырҧшны ашәатәқәа реицҵалыҵ акыр еиҵахоит ҳәа заанаҵтәи агәаанагара ыҟоуп. Рашәарамза, 2020 шықәса рзы аплан ала иазҧхьагәаҭоуп 190 млн мааҭ”, – ҳәа иҳәеит Даур Кәырмазиа.
Убри инамаданы, аилатәара иалахәыз абиуџьеттә усхкы аусзуҩцәа руалафахәы рызшәара ҳасаб азуны иҟоу апроблемақәа заанаҵтәи разҧхьагәаҭара алыршахоит ҳәа алкаа ҟарҵеит.
Иара убас, аиҧылара аҿы иназыцҵоу ахәҧса азы ашәахтә аеффективра иалацәажәеит. Иназыцҵоу ахәҧса азы ашәахтә (ИАА) аеффективра аилкааразы имҩаҧгаз анализ аан атәыла абиуџьет ашьақәгылараан ашәахтә инанагӡо ароль ҳасаб азура адагьы, аҳәынҭқарра иамоу афинанстә лшарақәа абизнес адгыларазы аиҭеизшарагьы акырӡа аанагоит ҳәа инаҵшьны иазгәаҭан.
Алеқсандр Анқәаб апрофильтә хылаҧшырҭақәа рнапхгаҩцәа иназыцҵоу ахәҧса азы ашәахтә ахәҭаахьала ашәахтә система аусура, уи аефективра, иара убас иназыцҵоу ахәҧса азы ашәахтә (ИАА) ҳасаб азурала еиҧш, ҳасаб азурадагьы абиуџьет ашьақәгылараан иҟоу ашәарҭарақәеи, уҳәа анализ азура азы анапынҵақәа риҭеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.