27.07.2020 14:29
926
23.07.2020 17:30
869
23.07.2020 16:39
837
23.07.2020 14:33
821
23.07.2020 14:20
795
23.07.2020 10:36
843
09.06.2020 18:12
3091
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3546
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3539
27.05.2020 21:34
4348
27.05.2020 16:36
4412
Популярное
Аекономика Аминистрра 2017-2019 шш. Аинвестициатә Программа аобиектқәа ахархәаразы рыҭаразы иазҧхьагәаҭаз аҽҳәарақәа реиҭашьақәырӷәӷәара мҩаҧнагеит
3539
01.06.2020 16:00
Аҧсны аекономика Аминистрра аҿы имҩаҧысыз аилатәара аҿы аҧкаанҵақәа рнапаҵыҩра мҩаҧган.
Аҟәа. Рашәарамза 1. Аҧсныпресс. Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭеи анардкыларатә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа алархәны имҩаҧылгаз аилатәара аҿы 2017-2019 шш. Аинвестициатә программа иалагалоу аобиектқәа рҿы аусурақәа рхыркәшаразы аҽҳәарақәа дрылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла аекономика Аминистрра аофициалтә саит.
Аацҳамҭа излаанацҳауа ала, Кристина Озган аусурақәа рхыркәшаразы аҽҳәарақәа рышьақәырӷәӷәаразы адырра ҟалҵеит. Аминистр убри аан инаҵшьны иазгәалҭеит: “Сара иахьа араҟа агәаҭарақәа рышьҭахь иаҳзаанахаз агәаанагарақәа срылацәажәаӡом. Сара шәара шәҟынтәи исаҳар сҭахуп иарбоу аҽҳәаракәа рыҽҭагӡара азы шәгәаанагарақәа”.
Ахәҭакахьала, Ареспубликатә Унитартә Наплакы “Амшынеиқәафымцамч” анапхгаҩы Хада Аслан Басариа астанциаеиҵақәа “Сухум-1”, “Гудаута” рҿы иҳаҩсыз ашықәс азы ихацыркыз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы адырра ҟаиҵеит. “Иҳаҩсыз ашықәс азы астанциаеиҵа 110 кВ “Сухум-1” 20 млн инарзынаҧшуа аҧаратә хархәагақәа ныхын. Аусурақәа рӷьырак мҩаҧгоуп. Аха апандемиа иахҟьаны, аиқәыршәагақәа рҿаҵареи раагареи инамаданы ауадаҩрақәа ҳазцәырҵит. Аиқәыршәагақәа раагара азҵаара ӡбахар, аусурақәа зегьы иазҧхьагәаҭоу аҽҳәарақәа ирҭагӡаны ихыркәшахоит”, – ҳәа алкаа ҟаиҵеит иара.
Убри аан, аҧыза-министр, аекономика аминистр Ареспубликатә Унитартә Наплакы “Амшынеиқәафымцамч” аганахьала аҽҧынкылара ыҟаӡам ҳәа иазгәалҭеит.
Аилатәара аихшьаалақәа рыла, анардкылаҩцәа зегьы аусурақәа рхыркәшара аҽҳәарақәа рзы аҧкаанҵақәа рнапы аҵарҩит.
Кристина Озган, аобиектқәа зегьы рҿы аусурақәа иааиҧмырҟьаӡакәа аекономика ахылаҧшра аҵаҟа иҟазаауеит ҳәа иазгәалҭеит, иара убас шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа есымчыбжьа аусурақәа рцашьа азы адыррақәа рыҟаҵара азы азҧхьанҵа ҟалҵеит. Уи лажәақәа рыла, ишьақәырӷәӷәоу аграфикқәа реиҧҟьара аныҟала аамҭазы, атәыла аекономика Аминистрра иахәҭоу аусбарҭақәа рахь иарбоу ауснагӡатәқәа рыдкылара азы иадҵаалалоит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа