Ажәабжьқәа

Популярное

Акультура аминистр ҿыц Гәыдиса Агрба аколлектив аҿаҧхьа идгалара мҩаҧган

2857
08.06.2020 14:46
Акультура аминистр ҿыц Гәыдиса Агрба аколлектив аҿаҧхьа идгалара мҩаҧган
Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусҧҟа ала, Гәыдиа Агрба Аҧсны акультура аминистрс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 8. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынбеи, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуеи Аҧсны акультура аминистр ҿыц Гәыдиса Агрба иарбоу ахылаҧшырҭа аколлектив аҿаҧхьа идгалара мҩаҧыргеит.

Убри аан, Бадра Гәымба инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Ҳара еилаҳкаауеит акультура алшарақәа аҳәынҭқарра алшарақәа ишиашоу ала ишадҳәалоу. Агәра сгоит аколлектив аминистр ҿыц адгылара ирҭап ҳәа, зегьы рымчи-рыхшыҩи еилаҵаны ихацыркыз ауқәа зегьы ишрыцҵахо, иара убас ахықәкы ҿыцқәа шықәыргылахо. Амилаҭтә коллективқәа, ахәҭакахьала Аҧсуа драматә театр уҳәа рыҿиара акырӡа аанагоит”.

Беслан Џьопуа атәыла Анапхгара ахьӡала Гәыдиса Агрба дидныҳәалеит, аусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.  Уи иара убас ҧыхьатәи акультура аминистр Ельвира Арсалиаҧҳа аҩаӡара ҳаракы аҿы аҳәынҭқарратә проектқәа рынагӡара азы ҭабуп ҳәа леиҳәеит.

Ихәҭаахьала, Гәыдиса Агрба ахылаҧшырҭа аколлектив ахь ихы рханы иҳәеит: “Сара гәахәара дула исыдыкылоит ас еиҧш иҟоу ззанааҭдырра ҳараку аколлектив аус рыцура. Ҳаҧхьаҟа иӡбатәны ишьҭоуп ауснагӡатәқәа маҷымкәа, урҭ рынагӡараҿы шәара зегьы неилых ҟамҵаӡакәа сшәықәгәыӷуеит”.

Гәыдиса Агрба атәыла Анапхгара ирҭаз агәрагара азы, Ельвира Арсалиа илбаз аџьабааи, иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы аганахьала иаалырҧшуаз арҿиаратә знеишьеи, Аҧсны азы акырӡа зҵазкуа акультуратә усмҩаҧгатәқәа зыҩаӡара ҳараку аиҿкаареи рзы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ельвира Арсалиа иара убас Гәыдиса Агрба  иқәиргылаз апланқәеи азҧхьагәаҭарақәеи рынагӡара аҿы ақәҿиарақәа изеиӷьалшьеит: “6-шықәса рыла жәларбжьаратәи акультуратә усеицура аҿиареи, аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи, акультуратә усбарҭақәа адгылара рыҭареи ирыдҳәаланы хыҧхьаӡара рацәала апроектқәа рынагӡара алыршан. Ҳтәыла акультуратә коллективқәа ишьақәгылахьоу атрадициақәа рыла иалкаахоит. Гәыдиса Едуард-иҧа, аидеиа ҿыцқәа ҟало, ҳкультура иахәҭоу ала ареспублика ахьӡала иқәгылаларц азы инашәыгӡараны иҟоу аусураҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит”.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа