27.07.2020 14:29
926
23.07.2020 17:30
869
23.07.2020 16:39
837
23.07.2020 14:33
821
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
843
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4348
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аслан Бжьаниа: адоуҳа ыҟамкәа, ахаҭара хаҭәааны аҿиара залшаӡом
3045
08.06.2020 16:41
Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны Аиашахаҵаратә Уахәама Ахеилак ахаҭарнакцәа дырҧылеит.
Аҟәа. Рашәармза 8. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аиашахаҵаратә Уахәама Ахеилак ахаҭарнакцәа дырҧылеит.
Аиҧылараҟны атәылаҟны аныхабаатә ҧсҭазаара аҿиара, ауахәамааҩныҵҟатәи аизаҟазаашьақәа рҭышәныртәалара, аҳәынҭқарреи ауахәамеи реимадара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада атәылауаҩи аҳәынҭқарреи рышьақәгылараҟны ауахәама инанагӡо ароль, уи иамоу аҵакы азгәеиҭеит.
Аслан Бжьаниа ари афактор иусураҟны ҳасаб азура игәы ишҭоу, ҧымкрада Анцәа дхазҵо ауаа рзинқәа дышрықәныҟәало инаҵшьны иазгәеиҭеит.
“Ари аҵак ду амоуп, избан акәзар, адоуҳа ыҟамкәа, ахаҭара хаҭәааны аҿиара залшаӡом”, – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа инаҵшьны иҳәеит ақьырсиантә уаажәларра рыҩныҵҟа адоуҳаи ацәаҩаиашәеи реиқәырхара иамоу аҵакы атәы.
Аҧсны Аиашахаҵаратә Уахәама Ахада Бассариан Аҧлиаа Аҳәынҭқарра Ахада иацәажәара ахьалыршахаз азы, иахьа Аҧсны Ауахәама аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа реицзхәыцразы, рылацәажәаразы алшара ахьаҧҵаз азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.
Аиҧылара ахыркәшамҭаз, Аҧсны Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы Бассариан Аҧлиаа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада анашьаратә ҩыра зықәыҩу Ацқьа Цҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи иныхачаҧа, Москватәии Урыстәыла Зегьтәии Апатриарх Кирилл хьыӡҳәалатәи имзар, иара убас иуникалтәу ахьықәҵатә џьар ҳамҭас ииҭеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа