27.07.2020 14:29
926
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
837
23.07.2020 14:33
821
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
843
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4348
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа иааизакны 7,5 млн мааҭ зықәхарџьу аиқәыршәага ҿыцқәа роуит.
843
23.07.2020 10:36
Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра, “Аԥсны иқәынхо аурысцәа реилазаара” ацхыраарала, иара убас аҳәынҭқарратә биуџьет ахархәагақәеи рыла амедицинатә усбарҭақәа рзы аиқәыршәагақәа раахәара алнаршеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2020 ш. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра, “Аԥсны иқәынхо аурысцәа реилазаара” ацхыраарала, иара убас аҳәынҭқарратә биуџьет ахархәагақәеи рыла амедицинатә усбарҭақәа рзы аиқәыршәагақәа – арҩышьыга-аԥсыԥлагаҩагара аппарат, аҵәыҵәритә концентратқәа, акаруаҭ иаддыргыло апациент имониторқәа, аҳауа арыцқьага-раӡагақәа, авидеобронхоскоп, уҳәа раахәара алнаршеит.
Амедицинатә еиқәыршәагақәа рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 7 милиони 530 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡоит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Гәдоуҭа араион ахәышәтәырҭа Хада ахь инагоу амедицинатә еиқәыршәага ҿыцқәа иааизакны иақәхарџьуп 1 555 500 мааҭ, Ареспубликатә хәышәтәырҭа – 2 952 500 мааҭ, Гагра араион ахәышәтәырҭа Хада ахь - 672 000 мааҭ. Уажәы амедицинатә еиқәыршәагақәа русура ахацыркра иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
Иаагозар, иахьазы Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҿы ишьақәыргылоуп ареспубликатә биуџьет ахарџь ала иаахәаз, агәыбзиарахьчара Аминистрра ала иазоужьыз аультрабжьытә ҭҵаара аппарат (УЗИ). Уи ашьақәыргылара-аушьҭратә усурақәа хыркәшоуп.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа