27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
“Ҳазҭагылоу аамҭа: аҵас, ақьабз” ҳәа хыс измаз астол гьежь мҩаԥысит
1208
24.03.2016 17:37
Ауаажәларратә еиҿкаара “Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны” аԥшьгарала, асасааирҭа “Атриум-Викториа” аконференц-зал аҿы имҩаԥысит аԥсуа ҵаси, ақьабзи абызшәеи ирызкыз астол гьежь.
Аҟәа. Хәажәкыра 24. Аԥсныпресс. Саид Џьарсалиа. Афонд аԥшьгарала хыԥхьаӡарала ари ахԥатәи астол гьежь ауп. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Аԥснытәи Аҳәанҭқарратә университет арҵаҩцәа, астудентцәа.
Апрограмма алагамҭазы, ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз ауаажәларратә-политикатә усзуҩы Константин Озган минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.
Астол гьежь иаҭааз, зегьы аԥсшәа раҳәо, “Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны” ахада Сонер Гогәуа иазгәеиҭеит: “Иахьатәи аамҭазы, аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы аполитикатәи аекономикатәи аусқәа ирылацәажәатәуп, аха аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы, зегь раԥхьа излацәажәатәу, ихымԥадатәиу, иҷыдоу акоуп – аԥсуара. Уи ҳахьыҟазаалакгьы, ҳаибаркны ҳазку, егьырҭ ҳрылазмырҩашьо акоуп. Иахьа, аԥсуаа ҳҿы аԥсуара иарбан ҭыԥу иааннакыло ҳалацәажәоит. Ҳаҭыр ду зқәу аспециалистцәа ааԥхьара раҳҭеит, ргәаанагарақәагьы ҳарзыӡырҩырц ҳҭахуп. Иахьатәи астол гьежь ашьҭахь, ҳазлацәажәо аус ԥыҭк ҳазхәыцны, ииашоу мҩак азаҳаӡбар, даара иус духоит зегьы ҳзы”, – иҳәеит афонд ахада.
Анаҩс, астол гьежь алахәылацәа, ражәахәқәа ҟарҵеит:
1. Гурам Амқәаб – “Аԥсуа культура аҭҵаарадырра ахырхарҭақәа”
2. Олег Дамениа – “Иамоума алҵшьа аамҭа уадаҩ?”
3. Валери Бигәаа – “Аԥсуаа рыбзазаратә культура: иацы, иахьа, уаҵәы”
4. Мзиа Кәыҵниаԥҳа – Аԥсуа ҳәынҭқарреи, аԥсуа жәлари ррефлеқсиа”
5. Роман Дбар – “Аԥсуаа, аԥсабара аиқәырхареи, ахьчареи, жәытә ҵасла ишныҟәыргоз, уи ҳаамҭазы хархәарас иамоу”
6. Ирина Агрба – “Аԥсуара азыгәдура”
7. Гәында Кәыҵниаԥҳа – “Аԥсуа бызшәеи алитературеи рроль Аԥсуа ҳәынқарра ашьақәыргылараҿы”
8. Асҭанда Ҳашԥҳа – “Аԥсуаа рыҿиаратә ҭагылазаашьа”
9. Арда Ашәба – “Традициала аԥсуаа рықәра, рыбӷара: иацы, иахьа”
10. Џьума Габниа
11. Арда Инал-иԥа
12. Оқтаи Ҷкотуа
13. Ҭали Џьапуа

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа