27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
“Кьараз” “Агәы аҧхарра” ҳәа хыс измоу акциа алахәхаразы зхатәы автотранспорт змоу аволонтиорцәа ааҧхьара рнаҭоит
674
02.11.2016 11:34
Аволонтиорцәа аиҿкаара ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу аҭаацәа рыцхырааразы амаҭәаҧхақәа реизгареи реихшареи азы аҭакҧхықәра рыдҵахоит.
Аҟәа. Абҵарамза 2. Аҧсныпресс. Дырмит Басариа. Агәыҳалалратә Уаажәларратә еиҿкаара “Кьараз” “Агәы аҧхарра” ҳәа хыс измоу акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҿкаара ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу аҭаацәа рыцхырааразы амаҭәаҧхақәа реизгареи реихшареи азы зхатәы автотранспорт змоу аволонтиорцәа ааҧхьара рнаҭоит. Абри азы Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит аиҿкаара анагӡаратә наҧхгаҩы Камма Гоҧиаҧҳа.
“Амаҭәа ҧхақәа реизгареи реизшареи есышықәса имҩаҧааго акциа ”Агәы аҧхарра” аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит. Ауаа рацәа радыҧхьаларазы ҳара раҧхьаӡа акәны аволонтиорцәа зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа рзы амаҭәа ҧхақәа реизгаразы иарбоу акциа алахәылацәаны иҟоу аҩнқәеи аиҿкаарақәеи рҿы рнеира аҧшьаҳгеит. Ҳара ааҧхьара раҳҭеит акоммерциатә структурақәеи аҵарадырратә усбарҭақәеи. Урҭ реиҳараҩык акциа алахәхара иақәшаҳаҭхеит. Иаагозар, Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 ахыбра аҩныҵҟа ацәыргақәҵатә хәаахәҭра мҩаҧнагоит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, амаҭәа ҧхақәа еизгахоит. Аха акциа иахәҭоу аҩаӡара аҿы амҩаҧгаразы хатәгәаҧхарала алахәылацәа аҭаххоит. Урҭ ҳазхаӡом. Убри аҟнытә, ҳара, зхатәы автотранспорт змоу ауааҧсыра зегьы иарбоу акциа иалахәхарц адыҧхьалара раҳҭоит”, – ҳәа азгәалҭеит Камма Гоҧиаҧҳа.
Камма Гоҧиаҧҳа лажәақәа рыла, амаҭәа ҧхақәа реизгара иадҳәалоу акциа абҵарамза 10 инаркны 20-нӡа имҩаҧыслоит, уи анаҩс, еизгаз амаҭәа мызкы иалагӡаны, шәкы инарзынаҧшуа аиҿкаара ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу аҭаацәа ирызшахоит.
“Агәы аҧхарра” ҳәа хыс измоу акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәыҷқәа рзы еиҧш зықәра наӡоу рзыҳәангьы хыхьтәи амаҭәа ҧхеи ашьаҵатәи реизгара мҩаҧысуеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа