Ажәабжьқәа

Популярное

1-10 аклассқәа рҵаҩцәа рзы аҵарашықәс хыркәшахеит

85
18.05.2020 14:28
1-10 аклассқәа рҵаҩцәа рзы аҵарашықәс хыркәшахеит
Сынтәа Аҧсны ашкол иалго рхыҧхьаӡара 1 800-ҩык иреиҳауп, урҭ рахьынтә 10-ҩык медалла иалгоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аҧсны аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра 1-10 аклассқәа рҵаҩцәа рзы аҵарашықәс ахыркәшара азы аӡбамҭа аднакыдлеит. Абри атәы Аҧсныпресс ахь адырра ҟанаҵеит Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Аслан Кәҭелиа иҟаиҵо адыррақәа рыла, ас еиҧш аӡбамҭа рыдыркылеит аминистр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Какоба араионтә ҵарадырра аҟәшақәа реиҳабацәа алархәны имҩаҧигаз аилатәара аҿы. “11-тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо рзы рашәарамза 2 инаркны ҩымчыбжь иалагӡаны аурокқәа рымҩаҧгара еиҭахацыркхоит. Уи аҧышәарақәа рҽазыҟаҵара иазкхоит. Аҵаҩцәа ҩрала ҩ-маҭәарк заҵәык рыла аҧышәарақәа рҭииуеит – “ахатәы бызшәа”, “аматематика”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Кәҭелиа. 

Убри аан, Аминистрра апресс-маҵзура анапхгаҩы иажәақәа рыла, аттестатқәа раиуреи “аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьи” ирызкны аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рзы макьаназы аӡбамҭа рыдрымкылаӡацт.

Сынтәа Аҧсны ашкол иалго рхыҧхьаӡара 1 800-ҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә 10-ҩык медалла иалгоит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа