27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
2016 ашықәс азы аҳәынҭқарратә биуџьет алацәажәара мҩаҧысит
624
17.08.2015 15:53
Рауль Ҳаџьымба 2016 ашықәс азы аҳәынҭқарратә биуџьет аиқәыршәара иазкны аусуратә еилатәара мҩаҧигеит.
Аҟәа. Август 17. Аҧсныпресс. Аилатәараҿы иааиуа ашықәс азы аҳәынҭқарратә биуџьет ашьақәгылара апроцесс иалацәажәеит. Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаҧҳа аилатәара алахәылацәа аус адулара аетап аҿы иҟоу атәыла афинанстә усшәҟәы хада азы адыррақәа рыдылгалеит.
Иара убас, аҳәынҭқарратә мазара еффективла ахархәара азҵаара шьҭыхын. Иаагозар, Аԥсны Ахада аҳәынҭқарратә мазара қьырала рыҭара ахәҧса аџьармыкьатә еизыҟазаашьақәа инарықәыршәаны еиҭарыхәаҧшызарц ажәалагала ҟаиҵеит. Атауарқәа аҧсуа-аурыс ҳәаа рахгареи урҭ рахьтә аҳазылхратә шәахтә алгареи азҵаарагьы иалацәажәан.
Аҳәынҭқарра Ахада уи азы аҭакҧхықәра зду август 30 2015 шықәсанӡа абиуџьет инагӡоу апроект идыргалараны ишыҟоу ргәалаиршәеит. Аилатәара рхы аладырхәит: аҧыза-министр Артур Амқәаб, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Сериков, Аҧсны Ахада Иусбарҭа ахада ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Аппба, афинансқәа рминистр Амра Кәаранӡиаҧҳа, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Рауф Цымцба, аҳазылхразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Даур Кобахьиа, аҳәынҭқарра Ахада ибжьагаҩ Амиран Лагәлаа.
Ахыҵхырҭа: Аҧсны Ахада иофициалтә саит
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























