Ажәабжьқәа

Популярное

86% рҟынӡа инаӡо агроааглыхратә аалыҵ аизак - Аԥсны аҳәааҭыгара ашьаҭа еиқәнаршәоит

743
18.02.2015 16:42
Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ҳазылхратә Еилакы аколлегиа 2014 шықәсатәи аусура аихшьаала аҟаҵара иазкны аилатәара мҩаԥыргеит. 

Ақалақь Аҟәа. Февраль 19. Аԥсныпресс. Аколлегиа аилатәарахьы Аԥсны апрокурор Хада Алексеи Ломиеи, Урыстәылатәи Аҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак Сергеи Иванови иара убас ааԥхьара рыман. 

Аԥсны аҳәынҭқарратә аҳазылхратә Еилакы анаԥхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Ушанги Кәыҵниа иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны адәныҟатәи ахәаахәҭратә еикәшара 19 миллиарди 905,5 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡон.Уи, иаԥхьааиуаз 2013 ашықәс азы аҟаз аасҭа 11% рыла еиҳауп. Убри аан аҳәааҭагалара 16 миллиарди 984, 2 миллион мааҭи инаӡеит, аҳәааҭгара акәзар- 2 миллиарди 921, 3 миллион мааҭи инаӡеит. ”Азеԥш тауареиқәшара аизҳара иаҿырԥшны, асальдо ҳәа изышьҭоу ахашәалахәқәа раареи ахарџь аиуреи реиҩдыраарала уахәаԥшуазаор, урҭ рыбжьара ахашәалахәы аҵкьыс еиҳау ахарџь ишьақәтәоу аизҳара шыҟоу убаратәы иҟоуп ”,- ҳәа азгәеиҭеит Ушанги Кәыҵниа.

. Инҭкааны иуҳәазар, иҟоу адыррақәа рыла, аҳәааҭагалара аҳәааҭгара аҵкьыс 14 миллиарди 62,9 миллион мааҭ инаӡеит. Уаанӡатәи ашықәсқәа рзы еиԥш уажәгьы, Урстәылеи Ҭырқәтәылеи Аԥсны ахәаахәҭратә партниор хадақәаны иҟоуп. Урҭ рыхәҭаахь иаҵанакуеит ахәаахәтәратә еиқәшара зегьы ахьтә 72%. Аха, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Аҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә шәахтәқәа рылгара агәаҭагатә рбагақәа 107 % рҟынӡа инанагӡеит. Аҳәынҭқарратә биуџьет ахь 819 миллион мааҭ алагалахеит.Убри аан, аҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Даур Кобахьиа ишазгәеиҭаз ала, иҟаз аҭагылазаашьа ашықәс анҵәамҭаз шьаҭанкыла иԥсахын. Убас, ноиабр мза 2014 шықәсазы аплантә рбагақәа рыла 57 миллион мааҭ инаӡозҭгьы, уажәы,иҳаҩсыз ашықәс аихшьаалақәа инақәыршәаны, аплан анагӡара анаҩс, абиудџьет ахь алагаларақәа 50 миллирн мааҭ рҟынӡа аизырҳара алыршахеит. 

Уаанӡа еиԥш уажәгьы, 86% рҟынӡа инаӡо агроааглыхратә аалыҵ аизак - Аԥсны аҳәааҭыгара ашьаҭа еиқәнаршәоит, иара убас,аԥшааратә ааглыхра (14%). Ус уҳәар алшозар, ари ашықәс азы ихәмаруа аҩқәеи ауараши аҭыԥантәи аҟаҵаҩцәа ”рыԥсеивгара еиӷьхеит”. Аҳәааҭагалара адинамика аҿы ахәқәҵа зқәу атауарқәа рыпроцент еиҵахеит. (иаагозар,ауараш - 6%, ихәмаруа аҩқәа – 27% рҟынӡа). Иара, амилаҭтә бизнес аиқәырхаразы иалагалаз аҭагаларатә баџь иахҟьаны иагьыҟалеит. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Ҳазылхратә Еилакы аусураҿгьы, жәахәарада, ауадаҩрақәа ыҟоуп.

 Аҳазылхратә зинеилагареи акәандрабаҭи рҿагылара иазкәу аҟәша аиҳабы Ҭенгиз Џьопуа иажәақәа рыла, урҭ ируакәуп ”аҳазылхыҩцәа русура инаӡам аиҿкаара”. Аус злоу, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҳазылхратә Еилакы аекономикатә елазаара акәын активла аҿиара змаз. Убри аан азинхьчаратә ҟәша ихьысҳаны иаанхон.Аҟәша аштат хыԥхьаӡарала 9-ҩык ыҟоуп. Атранспорти, абылтәи, ауааи рзымхара апроблема ҳамоуп. Иагьа убас иҟазаргьы, 2014 шықәсазы аоперативтә усмҩаԥгатәқәа 7 мҩаԥган. Ирымхыз анаркотикатә маҭәашьарқәа 50, 51 грамм рҟынӡа инаӡоит. Даур Кобахьиа иазгәаҭарала, ҳаԥхьаҟа иӡбатәны иҟоу азҵаарақәа имаҷымкәа ишьҭоуп. Еиҿкаахараны иҟоу аҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа ратестациеи, акәандрабаҭ аҿагылара арӷәӷәареи уахь иаҵанакуеит. Аха, ишьақәырӷәӷәоу аплан иарбоу арбагақәа хымԥада рықәныҟәареи рынагӡареи ауп зегьы ирыцкәу. Урҭ сынтәа 100 миллион мааҭ рҟынӡа еизырҳан. Иҳәатәуп даҽакгьы, иҟоу астереотипқәеи агәаанагарақәеи ԥсахтәуп, ауаажәларрагьы. аҳазалхырҭа- акоррупциатә ԥара аикәшара ишаҭыԥым ҳәа агәра дыргатәуп.” Арахь ауаа аԥарарҳаразы акәӡам изаауа”,- ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳазылхратә Еилакы аханҭәаҩы.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа