Ажәабжьқәа

Популярное

Аҟәа ақалақь аҿы аҳәынҭқарратә ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҭыԥқәа рыҟамзаара иахҟьаны, хазхаҭалатәи абаҳчақәа раартра иалагеит – Лиудмила Адлеиԥҳа

536
12.02.2015 13:17
Аҳҭнықалақьтә ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҭыԥқәа ахьҟам азы, ахазхаҭалатәи абаҳчақәеи, ааӡаҩ имаҵзура анагӡара рыдызгало ауаа рацәаҩхеит. Аҳҭнықалақь аҿы ахазхаҭалатәи абаҳчақәа ааба официалла аус руеит.

“Ахазхаҭалатәи абаҳчақәа раартра зыхҟьо, аҳәынҭқарратә хәыҷбаҳчақәа рҿы аҭыԥ азымхара иахҟьоит. Аҟәа аӡыҟбарҭақәа ахьҟам, ааӡаҩцәа рмаҵзура иадҵаало рацәаҩхеит”, - лҳәеит Аҟәа Анаԥхгараҭара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа.

 Есышықәса август азы, аҳәыҷбаҳчақәа рахь ахәыҷқәа рыдыркылоит. Лиудмила Адлеиԥҳа лажәақәа рыла иарбанзаалак абаҳча 30-ҩык рыда заднакылом. 

Аҵара Аусбарҭа ахәыҷбаҳчақәа рзы азанааҭдырыҩ хада Аза Кәарҷиаԥҳа “Аԥсныпресс” акорреспондент излаиалҳәаз ала, ахазхатәы ахәыҷбаҳчақәа раартеи, ааӡаҩ имаҵзура адгалареи рзы, аҵареи аҭҵаарадырреи аспорти аҿар рполитикеи Аминистрра аҿы алицензиа аиура хымԥадатәиуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа