Ажәабжьқәа

Популярное

Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысит аполитикатә партиа “Амцахара”изаамҭанытәиу аизара

577
30.11.2016 17:22
Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысит аполитикатә партиа “Амцахара”изаамҭанытәиу аизара
Аизара ду аҿы уи аделегатцәа атәылаҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Аҟәа. Абҵарамза 30. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аполитикатә Партиа “Амцахара” абыжьбатәи аизара ду аҿы еизеит 600-ҩык инареиҳаны аделегатцәеи, иара убас, 24 уаажәларра-политикатә еиҿкаара рхаҭарнакцәа.

Аизара ду аусура иалҵшәаны Арезолиуциа рыдыркылеит. Уи еизаз дырзаҧхьеит апартиа “Амцахара” аҿар еидызкыло ахеилак ахада Гәдиса Агрба.

Аусшәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иаҳәоит: “Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ҽҳәараанӡа ҧхьатәара дцарц азы ааҧхьара иаҳҭоит. Иара убас, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент ҽҳәараанӡатәи Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рымҩаҧгаразы аӡбара рыдыркыларц азы адҵа ҟаҳҵоит. Аизара ду аӡбара, ҧхынҷкәын 15 рҟынӡа ианынамыгӡаха, Аполитикатә Партиа “Амцахара” ажәлар Реизара ду аиҿкаара азы алаҳәара аланарҵәоит”.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа