Ажәабжьқәа

Популярное

Аҟәа ақалақь аҿы хабарда ибжьаӡыз ҳаҭырла иргәаладыршәеит

791
30.08.2018 13:11
Аҟәа ақалақь аҿы хабарда ибжьаӡыз ҳаҭырла иргәаладыршәеит
Аҧсны хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз рыуацәеи рҭахцәеи, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Даур Аршба, “Аҧсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы” Ахеилак, Аҧсны иҟоу Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи Аилак ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аҧша апарк аҿы, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.



Убри аан, “Аҧсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы” Ахеилак ахантәаҩы Гәыли Кьычба абас еиҧш адырра ҟалҵеит: “Аибашьра ашьҭахь ҳара иҳамоу асиа иануп 200-ҩык инареиҳаны аибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз. Урҭ рахьынтә Аџьар Ҟаҧшь 170-ҩык хабарда ибжьаӡыз рзы аинформациа амоуп. Иҟалап урҭ рыҧсыбаҩ Аҧсны иахьаҵанакуа аҧшаара алыршахаргьы. Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи Аилак ари азҵаараҿы хадара злоу ароль нанагӡоит. Уи аусура иалҵшәаны, иахьазы 41 ҭаацәара рыуацәа рыҧсыбаҩ роуртә иҟалеит. Сара сгәаанагарала уи даара еихьӡара дууп.  2013 шықәсазы хабарда ибжьаӡыз 8-ҩык рыҧсыбаҩ ҧшаан. Урҭ араҟа, Ахьӡ-Аҧша апарк аҿы анышә иамадан, аха иҟоуп зыҧсыбаҩ аҩныҟа иганы рҭаацәаратә нышәынҭраҿы анышә иамардазгьы”.

Гәыли Кьычба лажәақәа рыла, иахьа ашьыжьымҭан хабарда ибжьаӡыз рыҧсы аҭынчразы Анцәа имҵаныҳәара мҩаҧган. “Аҧсны аныхыбаақәа зегьы рҿы хабарда ибжьаӡыз рзы аныҳәарақәа мҩаҧысит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Гәыли Кьычба.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа