27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҟәа ақалақь изызҳауа аевкалиптқәа рҿы аҧхасҭа зырҿио иҿыцу ахәаҷа-маҷа хкы цәырҵит
211
19.07.2019 16:27
“Эвкалиптовая листоблошка” ҳәа изышьҭоу аҧхасҭа зырҿио иҿыцу ахәаҷа-маҷа хкы аларҵәара шьақәнаргылеит Аҧсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 19. Аҧсныпресс. Ҧхынгәымза, 2019 шықәсазы Аҧсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут Аҟәа ақалақь аҿы аҧхасҭа зырҿио иҿыцу ахәаҷа-маҷа хкы – «эвкалиптовая листоблошка” аларҵәара шьақәнаргылеит.
Уи аҧхьаҟа, мшаҧымза, 2019 шықәсазы Аинститут Гагра ақалақь аҿы аҧхасҭа зырҿио даҽа ахәаҷа-маҷа хкы – Офелимуса Ophelimus maskelli аларҵәара шыҟоу азы азгәаҭара ҟанаҵахьан. Уажәазы Аҟәа ақалақь аҿы абарҭ ахкқәа ирыҵанакуа аевкалиптқәа: “Эвкалипт прутовидный Eucalýptus viminális” рҿы аҧхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкы аларҵәара азгәаҭоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аофициалтә саит.
Аацҳамҭа излаанацҳауа ала, “эвкалиптовая листоблошка” ҳәа изышьҭоу аҧхасҭа зырҿио иҿыцу ахәаҷа-маҷа хкы, дара аевкалиптқәагьы реиҧш ҧсадгьылс иамоуп Австралиа, аха аҵыхәтәантәи аглобализациа аамҭахәҭа азы, уигьы аларҵәара аҵакыра акырынтә аҽарҭбааит.
Иарбоу аҧхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа Европа аладатәи атәылақәа рҿы изышьцылахьоу цәырҵроуп иахьа, уаантәи акәхап уи Аолимпиада 2014 аламҭалазы Шәача ақалақь активла ариаҵәараан аиҭаҳатә иацны зны урыстәылатәи амшын аҧшаҳәа иқәнагалеит, анаҩс ҳара ҳашҟа еихеит.
Уи аларҵәара Аҧсны изызҳауа аевкалипт хкқәа зегьы рзы шәарҭа дууны иҟалоит.
Аҵла абыҕьқәа ишкәакәоу иҧаҟьа-ҧаҟьаӡа, 2-3 мм иҟоу, еизыхәхәоу аиқәылақәа, уи ачымазара шахьыз узырбо ҟазшьаны иҟоуп.
Иара ахәаҷа-маҷа ахаҭа акыр ихуҷуп- 2-3 мм, ицәыиаҵоуп, 10-мыш рҟынӡа аҧсы ҭоуп. Аха абри аамҭа 700 кәтаҕь ашьҭаҵареи ахәаршы ахыхреи рзы иазхоит. Ари ахәаҷа-маҷа хкы аҧсадгьыл аҿы шықәсык ала ҧшь-биҧарак ахылҿиаауеит.
Иарбоу аҧхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкы аҵиаақәа ирылоу аӡы ала ичоит, иара убри ала абыҕьқәа ирылоу зегьы алнацәаауеит. Убри иахҟьаны абыҕьқәа ҩоит, заанаҵы ҽҳәараанӡа икаҧсоит.
Арҭ абыҕьқәа иара убас “сажистые грибы” ҳәа изышьҭоу амикроорганизмқәа алалоит, иара убри ала аҵла амч канаҧсоит, зынӡа иҩаргьы алшоит.
Аевкалиптқәа аҧхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкқәа ахимиатә маҭәашьарқәа рыла ақәгара даара иуадаҩуп, аеффективрагьы маҷуп.
Ахылаҧшразы еиҳарак еиҕьуп ҳәа иҧхьаӡоуп абарҭ абиологиатә методқәа: ҷыдала иаҧҵоу аентомофагқәа, антомопатогентә бактериақәа, уҳәа убас иҵегьы.
Иахьазы иарбоу аҧхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкы аҧсаатә ишырфо убаратәы иҟоуп. Иҟалар алшоит уи маҷк иадамзагьы аҭагылазаашьа арҽеира иахәаргьы.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа