Ажәабжьқәа

Популярное

Аҟәа Аҧсны Афырхаҵа Гиви Агрба игәалашәара иазкны амемориалтә ҕәы шьақәыргылахоит

731
18.08.2015 14:40
Аҟәа Аҧсны Афырхаҵа Гиви Агрба игәалашәара иазкны амемориалтә ҕәы шьақәыргылахоит
Д. И. Гәлиа имҩаду ала иҟоу аҩны №53 ахаҿратә ган аҿы Аҧсны Афырхаҵа аинрал Гиви Агрба игәалашәара иазкны амемориалтә ҕәы шьақәыргылахоит. 

Аҟәа. Август 18. Аҧсныпресс. Уи азы аӡбара Аҟәа ақалақьтә Еизара изаамҭанытәиу аилатәараҿы ирыдыркылеит. 

“Гиви Камыгә-иҧа Агрба – ҳара ҳкомандир иоуп. Уи игәалашәара анаунагӡатәра азҵаара мыцхәы алацәажәара аҭаххом ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьа ҳара Д. И. Гәлиа имҩаду ала иҟоу, уи дахьынхоз аҩны №53 ахаҿратә ган аҿы Аҧсны Афырхаҵа аинрал Гиви Агрба игәалашәара иазкны амемориалтә ҕәы ашьақәыргылара азҵаара шьҭаҳхуеит”, - ҳәа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аизара ахантәаҩы Константин Ҧлиа. 

Амемориалтә ҕәы ашьақәыргылара азы аӡбара адепутатцәа еицҿакны ирыдыркылеит. Уи ианар 1 2016 шықәса инаркны азакәанмчы аиуеит. Амемориалтә ҕәы аескиз Аҟәа Ахадара архитектура аҟәша аҿы ақәыршаҳаҭра иахысуеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа