Ажәабжьқәа

Популярное

Аҟәа акапиталтә еиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаатит Ареспубликатә хәышәтәырҭа актәи акорпус

815
18.11.2011 15:21

Иахьа Аҟәа Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә хәышәтәырҭа актәи акорупс аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахәышәтәырҭаҿы имҩаԥган урыстәылатәи афинанстә цхыраара ала «Аԥсны Аҳәынҭқарра №ҭ?ҭ-№ҭ?№ ш. асоциалтә-економикатә ҿиара аплан» иалагӡаны.

Ааартра ацеремониа иалахәын, аԥсуа ган аҟынтәи- аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб, аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Михаил Логәуа, Жәлар Реизара аспикер Нугзар Ашәба, аԥыза-министр Леонид Лакербаиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иадминистрациа аиҳабы Беслан Кәыбраа, агәабзиарахьчара аминистр Зураб Маршьан, Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуа; урыстәылатәи аган аҟынтәи Урыстәылатәи Афедерациа ахада аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи Урыстәылеи рыбжьара акультуратә еимадарақәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Сергеи Винокуров, Урыстәылатәи Афедерациа арегионалтә ҿиара аминистр Виктор Басаргин, Краснодартәи атәылаҿацә ахада ихаҭыԥуаҩ Олег Качалов, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев.

Аартраҿы дықәгылеит агәабзиарахьчара аминистр Зураб Маршьан, уи иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабыра ахәышәтәырҭа аиҭашьақәыргылареи аиқәыршәареи рзы аԥара ахьазоурыжьыз. Уи иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб илагала ду ахәышәтәырҭа ҳаамҭа иацнеиуа аҭахрақәа рыла иахьеиқәыршәо, ибзианы иахьеиҭашьақәыргыло азы.

Аԥыза-министр Леонид Лакербаиа ахәышәтәырҭа зыргылоз, еиқәзыршәоз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Аԥсны атәылауаа ирыдиныҳәалеит ас еиԥш зыҩаӡара ҳараку ахәышәтәырҭа ахьцәырҵыз, дшақәгәыӷуа иҳәеит ауааԥсыра реиҳараҩык атәыла анҭыҵ ацара шрықәымшәо рҽыхәшәтәразы, избанзар уи зегь рыла еиқәыршәоуп.

Урыстәылатәи Афедерациа арегионалтә ҿиара аминистр Виктор Басаргин иазгәеиҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аԥҳәыс лхаҿы шамоу, избанзар еиҳарак аҳәса роуп уи аартрахь инеиз. Аминистр иазгәеиҭеит шықәсак аԥхьа Александр Анқәаби иареи ахәышәтәырҭа ишаҭааз, усҟан уи иҳәеит ҳаамҭа иаҵанакуа ахәышәтәырҭатә-диагностикатә центр ширгыло, иажәагьы наигӡеит.

Урыстәылатәи Афедерациа ахада аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи Урыстәылеи рыбжьара акультуратә еимадарақәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Сергеи Винокуров иазгәеиҭеит ажәлар ргәабзиара Аԥсны анапхгара рзы ихадоу шусу.

Аҵыхәтәан ажәа иҳәеит Александр Анқәаб.Уи Аҳәынҭеилакыра «Аԥсныргылара» аиҳабы Руслан Тәанбеи, аргыларатә Усбарҭа Ҷ? аиҳабы Вадим Ладариеи, аргылаҩцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит.Иагьиҳәеит ахәышәырҭа аргылара ианалагоз аԥара шыҟамыз, «ҳара еилаҳкаауан аусура ишалагатәыз, нас аӡбашьа шцәырҵуаз».Аҳәынҭқарра ахада зегьы агәабзиара рзеиӷьеишьеит.

Ацәаҳәа ҟаԥшь анԥырҟа ашьҭахь асасцәеи аҳақьымцәеи ахәышәтәырҭа аҟәшақәа ирҭааит, апалатақәа, акабинетқәа, аԥҟаратә блокқәа ирҭааит, иеигәырӷьеит ахәышәтәырҭа ацқьареи, ирҿыцу ахәшәтәырҭа ахәшәтәратә диагностикатә лшарақәеи.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа