Аҟәа иблит Апочта хада ахыбра
Аҟәа ақалақь агәҭаҿы ажьырныҳәамза 30 ауха иҟалаз абылра ду иахҟьаны иблит Воронов имҩеи Аиааира апроспекти ркәакь аҿы иҟоу ҩ-еихагылак змоу ахыбра. Абылра иахҟьаны аӡәгьы иԥстәбара ҟамлаӡеит.
1915 шықәсазы иргылаз ахыбраҿы иҟан анхарҭатә уадақәа, «Апочта хада», иапониатәи ақьафурҭа «Кибо», апиццериа, аҩнтәы техника адәқьак «Електрическии мир», ахцәыҟаҵарҭа.
Абылра шыҟалаз атәы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иҷыдоу ахҭысқәа рзы Аусбарҭахь инарыцҳаит асааҭ 21.37 рзы. «Амца арцәара иаҿын амашьынақәа 10»,- ааицҳаит «Аԥсныпресс» ахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Иҷыдоу аусқәа рзы Аусбарҭа ахада Лев Кәыҵниа.
Аҩнаҿы инхоз руадақәа рааныжьра иахьӡеит. Адәқьанқәа зтәыз рмал ахәҭак аиқәырхара рылшеит.
Ашьыжь асааҭ 8 рзы ауп амцарцәаҩцәа ианрылшаз амца арцәара.
Уажәти аамҭазы аекспнертцәа аус руеит абылра ахьҟыз аҭыԥ аҿы уи зыхҟьаз аилкааразы.
Иҟоу адыррақәа рыла амцакра ҟалеит акьафурҭа «Кибо» амаҵурҭаҿы.
Абылра иахҟьаны ааха роуит ауааԥсыра ахьынхоз ауадақәа ԥшьба. Абылра ахьыҟаз аҭыԥ аҿы аҵыцх зегь зхызгаз Аҳҭнықалақь ахада Алиас Лабахәуа иажәақәа рыла ацәыӡ зоуз зегьы аматералтә цхыррара рзыҟарҵоит. «Аӡәгьы хылаԥшрада даанҳажьӡом»,- иҳәеит Лабахәуа.





























