27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аџьамаақәа рҿы амҵаныҳәарақәеи, абжьагаратә цәажәарақәеи, аҧсаҭатә кәац ашареи, егьырҭ агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәеи рыла, Аҧсны иқәынхо амсылманцәа Курбан-баирам Аныҳәа азгәарҭеит
341
21.08.2018 14:48
Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа Аҟәеи Гәдоуҭеи иҟоу аџьамаақәа рҿы имҩаҧган.
Аҟәа. Нанҳәамза 21. Аҧсныпресс. Дырмит Басариа. Аҧсны иқәынхо амсылманцәа, амсылмантә дин ныҟәызго рзы Иреиҳаӡоу аныҳәақәа ҩба иреиуоу- Курбан-баирам Аныҳәа (Ид аль-Адҳа) азгәарҭеит. Аҟәеи Гәдоуҭеи иҟоу аџьамаақәа рҿы, Зегь зымчу Аллаҳ имҵаныҳәарақәеи, абжьагаратә цәажәарақәеи, аҧсаҭатә кәац ашареи, егьырҭ агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәеи мҩаҧысит.
Аҟәатәи Аџьамаа аҿы, традициала ишышьақәгылахьоу еиҧш, аныҳәа аколлективтә мҵаныҳәареи, абжьагаратә цәажәарақәеи рыла ихацыркхеит. Аҟәатәи аџьамаа аныҳәа азгәаҭара азы иааз 300-ҩык инарзынаҧшуа адинхаҵара ныҟәызго ауаа рыла иҭәын. Аџьамаа аҩныҵҟа аҭыҧ змоуз ауаа, уи азааигәара иҟоу аҭыҧқәа рҿы Зегь Зымчу Аллаҳ имҵаныҳәара нарыгӡон. Уи ашьҭахь, иааргаз аҧсаҭатә акәац зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу ауаа ирзыршеит.
Аҧснытәи амсылманцәа иакәу рдоуҳатә Усбарҭа амчала, аҳҭнықалақь апарк “Алакә” аҿы аныҳәатә аишәачара рхиан, иара убас, ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программа еиҿкаан.
Аныҳәатә усмҩаҧгатә аҿы ареспублика амуфҭы, Ҭемыр Ӡыба еизаз аныҳәамш рыдныҳәало, аныҳәа азгәаҭара ахыҵхырҭақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит:
“Акәырбан иазку аныҳәа амсылманцәа рзы Иреиҳаӡоу аныҳәақәа ҩба иреиуоуп. Уи Аҳаџьра ахыркәшара ҳәа иашьҭоуп – инҭкааны иуҳәозар, Ибрахим (Авраам) иргылаз раҧхьаӡатәи аџьамаа ахь ахаџьра амҩаҧгара иадҳәалоуп. Ҳзыхцәажәо Аҧсаҭара (акәырбан) ақәҵара аҵас, аҧаимбар Ибрахим иҧсҭазаараҿы аҭыҧ зауз ахҭыс иадҳәалоуп. Усҟан Аллаҳ, аҧаимбар гәык ала изыҟазаара агәаҭара хықәкыс иҟаҵаны, уи иныҟәиго адинхаҵара ахьӡала иҧазаҵәы Исмаил иҧсҭазаара ақәиҵарц азы адҵа ииҭеит. Аха убри аан, Ибрахим иааирҧшыз агәаҕьра аниба ашьҭахь, Аллаҳ Исмаил ицымхәрас ҧсаҭатәыс ауаса шьақәиргылеит”.
Абри ахҭыс инадҳәаланы, амсылманцәа иҟарҵо аҧсаҭатә акәац арыцҳацәеи ахымхәацәеи ирзыршоит. Аҧсуаа рзы Курбан-ныҳәа традициала акырӡа ишьақәгылахьоу аныҳәақәа иреиуоуп”.
(АП): Курбан-баирам Аныҳәа (Ид аль-Адҳа) амсылмантә мзатә мзар ала, Зуль-Хиджа ҳәа изышьҭоу амз 10-тәи амш азы иазгәарҭоит. Аныҳәамш аламҭалазы аҳаџьра (хаджа) аҧҟарақәа назыгӡо амсылманцәа, Мекка ақалақь азааигәара иҟоу ашьха Арафат аҟынӡа инаӡоит. Урҭ аныҳәамш аҽны нцәахәҵас изхәаҧшуа аҳатәыра асахьазы ахаҳәқәа агәыдырҵоит, нас — Меккатәи аџьамаа Масџьыд аль-Харам (Изеиҷаҳауа, изыхӡыӡо Аџьамаа) аҩныҵҟатәи адәы аҿы игылоу амсылманцәа рныхас ирыҧхьаӡо, акубтә шьақәгылашьа змоу, “аль-Бэйт аль-Харам” ҳәа изышьҭоу, (арабтәи абызшәа аҟынтәи "иҧшьоу аҩны ") аргыламҭа Кааба бжьынтәы иакәшоит. Ажә, аџьма, амахҽ, уҳәа аҧстәқәа ҧсаҭатәыс иҟалар алшоит, аха еиҳа еиҕьыршьо ауаса ауп. Аҧсаҭатәыс иалырхуа аҧстәы агра амамзароуп, ишьақәыргылоу ақәрагьы амазар ахәҭоуп.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа