27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҟәатәи абаа азааигәара ауаҩы иҧсыжырҭа рыҧшааит
762
20.08.2015 11:15
Иҟоу адыррақәа рыла, аҧсыжырҭа ҳера иаҵанакуа VII–VII ашәышықәсақәа ирыҵанакуеит. ААУ аҭоурыхтә факультет астудентцәа роуп ари археологиатә ҧшаамҭа ҟазҵаз.
Аҟәа. Август 20. Аҧсныпреесс. “Иҧшааз аҧсыжырҭа иацыз иаҩцамыз аинвентарь ала уахәаҧшуазар, уи ақьырсианра заатәи апериод ахь иаҵанакуеит. Иара убас, ари аҭыҧ иацәыхарамкәа зааигәа-сигәа традициала анышәынҭра аҟазаара ахьахәҭаз, иарбоу аамҭа азы иҟаз ауахәама, ас еиҧш алкаа арҵабыргуеит”, - ҳәа “Аҧсныпресс” акорреспондент диҿцәажәо аҳәамҭа ҟаиҵеит ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа.
Уи иажәақәа рыла, Аҟәатәи абаа археологиатә практика амҩаҧгаратә базаны иҟоуижьҭеи абар шьҭа 15 шықәса инарзынаҧшуеит.
“Ари аҭыҧ аҭоурых факультет аҿы аҵара зҵо астудентцәа рзы ицхыраагӡа дуны иҟоуп. Ара, антика инаркны ҳазҭоу аамҭанӡа Аҟәа ақалақь аҿиара иадҳәалоу аҭоурыхтә етапқәа зегьы аарҧшуп”, - ҳәа иазгәеиҭеит Алик Габелиа.
“Ари ҳара раҧхьаӡа акәны имҩаҧааго археологиатә ҧышәароуп. Ҳара аҧсыбаҩ анаҳаҧшаа, даара иџьаҳшьеит, избан акәзар уи зынӡа ҳақәгәыҕуамызт, аџьа амыругақәа рыҧшаара акәын ҳаззыҧшыз”, - ҳәа аҧшаамҭа илнаҭаз анырра атәы далацәажәо илҳәеит ААУ аҭоурыхтә факультет аҩбатәи акурс астудентка Саманта Мархолиаҧҳа.
Аҵаратә план инақәыршәаны, ауниверситет астудентцәа рзы апрактика амҩаҧгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи абаа акәша-мыкәша аҧшаарақәа август мза 2015 шықәса рзы ирылагеит. Уажәраанӡа ара еиуеиҧшым аҭоурыхтә епохақәа ирыҵанакуа имаҷымкәа аџьа амыругақәеи акерамика иалху амаҭәахәқәеи (амкьаҭқәа, алампақәа,уҳәа ) ҧшаан.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























