27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиҧшарратә ҵараиурҭа – 16 шықәса ахыҵит
725
31.10.2016 12:37
Атәылахьчара Аминистрра аҿы иарбоу аҵараиурҭа 16 шықәса ахыҵра азгәарҭеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 31. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиҧшарратә ҵараиурҭа – 16 шықәса ахыҵра иазку агәырҕьаратә еилатәараҿы “ззанааҭтә уалҧшьа ҧсыцқьала анагӡара азы” зҽалызкааз афицарцәа ахылаҧшырҭатә медалқәа ранашьахеит. Иаиа убас, “акурсантцәа рҵарадырра аус аҿы рлагала ду азы” аҵараиурҭа арҵаҩцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаршьеит.
Аныҳәатә усмҩаҧгатә аартуа, Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиҧшарратә ҵараиурҭа анаҧхгаҩы Алхас Жьиба аҵараиурҭа дахцәажәо иҳәеит: “Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиҧшарратә ҵараиурҭа 2000 шықәсазы атәылахьчара аминистр Идҵа ала иаартхеит. Аҧсны арбжьармчқәа реиқәыршәара аус аҿы Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиҧарратә ҵараиурҭа инаныгӡо ароль ахә ашьара уадаҩуп. Аҵараиурҭа ианалгалак ашьҭахь, уи аушьҭымҭацәа афицартә хьӡи адипломи роуеит. Акурсантцәа разыҟаҵаразы Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟынтәи аҵараиурҭа ахь иадыҧхьалахоит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа арҵаҩцәа”.
Иара убас, аҵараиурҭа анаҧхгаҩы иазгәеиҭеит: “16 шықәса ирылагӡаны аҵараиурҭа иалгеит 325-ҩык акурсантцәа. Урҭ рҕьырак иахьагьы Аҧсны атәылахьчара Амнистрра аҿы аус руеит. Иахьа Иреиҳаӡоу арратә ҵараиурҭа аҿы аҵара рҵоит 40-ҩык акурсантцәа”.
Аҧсны атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Ҵәыџьба. “Аҵараиурҭа аҧҵара аҭоурых Аҧсны арбџьармқәа рҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Аҵараиурҭа аартра раҧхьаӡатәи амшқәа инадыркны уи арҵаҩцәа инарыгӡо аусура аҩаӡара ҳаракы ала ахьӡ хара инаҩуан. 16 шықәса ирылагӡаны аҵараиурҭа имаҷымкәа афицарцәа азыҟанаҵеит”, – ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.
Аныҳәатә усмҩаҧгатә ахыркәшамҭаз агәырҕьаратә концерт мҩаҧган.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа