Ажәабжьқәа

Популярное

“Аӡбаратә мчра азы” Аконституциатә Закәан аиҭакрақәа алагалоуп

523
01.12.2016 12:56
“Аӡбаратә мчра азы” Аконституциатә Закәан аиҭакрақәа алагалоуп
“Аӡбаратә мчра азы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан аиҭакрақәа алагалоуп. 

Аҟәа. Ҧхынҷкәын 1. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба “Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан аиҭакрақәа ралагаларазы” Аконституциатә закәан инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.

Уи аламҭалазы, ҳазҭоу ашықәс, абҵарамза 22 рзы, иарбоу азакәан апроект Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара аҩбатәии аҵыхәтәантәии аҧхьарақәа рҿы ирыдыркылеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа