27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аӡхықә аҟынтәи ҵәгәырла аҧсыӡ акра азы Аҧсни Урыстәылеи рфедерациақәа Рыхраҿа агара Иупшара аӡиас аҿы имҩаҧысраны иҟоуп
364
20.02.2019 15:22
Аицлабрақәа хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа Иупшара аӡхықә аҿы имҩаҧгахоит.
Аҟәа. Жәабранмза 20. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Хәажәкырамза 15 рзы аӡхықә аҟынтәи ҵәгәырла аҧсыӡ акра азы Аҧсни Урыстәылеи рфедерациақәа Иаарту Ахраҿа агара азы Жәларбжьаратәи атурнир хацыркхоит. Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧсыӡкреи ашәарыцареи рыспорт Афедерациа ахантәаҩы Альберт Бондаренко Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо аицлабра аҧҟарақәа дрыхцәажәеит.
Альберт Бондаренко иазгәеиҭеит: “Европеи Урыстәылеи еицымҩаҧырго жәларбжьаратәи аусмҩаҧгатәқәа рҿы абжьааҧны еизоит 18-20 команда еиҳамкәа. Уажәазы ҳара хымш рыла ашәҟәы иҭааагалахьеит атурнир алахәхаразы агәазыҳара аазырҧшыз 26 команда. Европатәи аконтинент аҭоурых аҿы ас еиҧш уажәада иҟамлаӡацт. Алахәхара зҭаху ари аҩыза ахыҧхьаӡара раҧхьаӡа акәны иалкаахеит. Аха аӡиас аҧшаҳәа хыҧхьаӡара рацәала аспортсменцәа рыдкылара иазхиам. Аицлабрақәа аӡиас Иупшара ахықә аҿы имҩаҧыслоит. Техникалеи аиҿкаашьалеи ари даара иуадаҩу зҵаароуп.
Альберт Бондаренко иара убас адырра ҟаиҵеит: “Ашәҟәы иҭагалоуп Урыстәыла, Украина, Латвиа, Ҟарачы-Черкесстәи Ареспублика, иара убас Аҧснытәи ҩ-командак. Убри аан, аӡбаҩцәагьы абарҭ ареспубликақәа рҟынтәи иадыҧхьалахоит. Аӡбаҩцәа рколлегиа аилазаара аҿы иҟоуп иҳаракӡоу аҩаӡара змоу, аҧсыӡкратә спорт азы Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнакцәа. Урҭ Европеи Адунеи рчемпионатқәа рҿы аӡбара мҩаҧыргоит”.
Альберт Бондаренко иарбоу аусмҩаҧгатә аҧҟарақәа рзы адырра ҟаиҵеит: “Аицлабрақәа х-етапк рыла имҩаҧысуеит, актәи амш – аҽазыҟаҵаратә мшуп. Ари амш аҽны аҧсыӡ аӡахьы иоурышьҭуеит. Убри аан иазгәаҭатәуп, ари аӡиас аҧсыӡ ҭоуп, аха ҳара уеизгьы уи аҧхасҭа амоурц азы аӡахьы аҧсыӡ ауҳашьҭуеит. Убас ала, 450-500 кьыла рҟынӡа зыҧсы ҭоу, аҿиара зылшо аҧсыӡ араҟа аӡахьы иауҳашьҭхьеит. Иааизакны уахәаҧшуазар, ҧшьышықәса рыла Аҧснытәи аӡиасқәа рахь иоуҳашьҭхьеит 25 нызықь кьыла рҟынӡа зыҧсы ҭоу аҧсыӡ. Уи зегьы, жәаҳәарада хатәгәаҧхарала, ҳхатәы харџь ала имҩаҧысуеит. Аицлабрақәа ҩымш ирылагӡаны имҩаҧгахоит. Аҧсыӡкра асистема “иукит-иоуышьҭит” ала имҩаҧысуеит. Аҧсыӡ напыла акра ҟалаӡом, избан акәзар, иаагозар, акалмаҳа напыла иукыр, иаразнак иҧсуеит. Убри аҟнытә уи ҷыдала ирхиоу, аселикон иалху акыгақәа рыла зны аӡбаҩ ирбахоит, анаҩс ахьырҧшыга аҿыҵахны аӡахьы иоушьҭхоит. Ахьырҧшыгақәа ракәзар, урҭ аӡбаҩцәа хаҭала игәарҭоит. Уи зегьы аҧсыӡ ааха анамҭартә еиҧш ирхиазароуп”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа