Ажәабжьқәа

Популярное

Аҳҭнықалақь абоксиор ҿарацәа абокс азы Иаарту Аҧхьахәгара аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит

473
29.11.2016 15:53
Аҳҭнықалақь абоксиор ҿарацәа абокс азы Иаарту Аҧхьахәгара аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит
Урыстәыла Зҽаҧсазтәыз азыҟаҵаҩ, жәларбжьаратәи акатегориа змоу аӡбаҩ, Асовет Еидгыла Аспорт Азҟаза В. П. Фетцов игәалашәара иазкыз, абокс азы Иаарту Аҧхьахәгара Шәача ақалақь аҿы имҩаҧысит.

Аҟәа. Абҵарамза 29. Аҧсныпресс. Краснодартәи атәылаҿацә, Ростов, Ростовтәи аобласть аҟынтәи 120 боксиори, иара убас Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак аҟынтәи 4-ҩык аспортсменцәеи иарбоу аицлабрақәа ирылахәын. Аҟәатәи абоксиор ҿарацәа хҩык еиуеиҧшым акапантә категориақәа рҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит.

Гәдиса Хьыбба (50 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара) ҩ-еиҿагыларак мҩаҧигеит. Уи раҧхьатәи аиндаҭлара аҿы атехникатә накаут ала аиааира игеит. Иара убас, афиналтә қәгылараҿгьы аиааира игеит. Нестор Џьанба (30 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара) еиҿагыларак мҩаҧигеит, аиааирагьы игеит. Ҩ-еиҿагыларак реихшьаалақәа рыла, 46 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара) Сабри Џьанба араӡнытә медал ианашьахеит.

Аспортсменцәа азыҟарҵоит Џьон Аҭәмаа, Давид Аҩӡба, Олег Тарасов.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа