Ажәабжьқәа

Популярное

Аҳҭнықалақьтә Еизара адепутатцәа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабыс Русҭам Мархолиа икандидатура шьақәдырҕәҕәеит

451
07.02.2017 15:08
Аҳҭнықалақьтә Еизара адепутатцәа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа  аиҳабыс Русҭам Мархолиа икандидатура шьақәдырҕәҕәеит
Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәараҿы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабыс Русҭам Мархолиа икандидатура шьақәдырҕәҕәеит.

Аҟәа. Жәабран 7. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџь. Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара аҿы иарбоу акандидатура адгалара мҩаҧго, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Леон Кәарҷиа инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Аҟәа ақалақь ахадара ахьӡала Русҭам Мархолиа икандидатура Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабыс иҟаҵаразы адгалара мҩаҧаагоит. Русҭам Гарри-иҧа аҭакҧхықәра змоу наҧхгаҩык иаҳасабала ҳихцәажәартә еиҧш аҭагылазаашьа ҳамоуп. Уи иҿаҧхьа иқәыргылахо азҵаарақәа зегьы рыӡбара ҭакҧхықәрала дрызнеиуеит”.

Убри аан, ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Константин Ҧлиа, Русҭам Мархолиа 17 шықәса инареиҳаны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы аус иухьеит ҳәа азгәеиҭеит.

Ахәҭакахьала, Русҭам Мархолиа, адепутатцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Имаӡоу абжьыҭирала Русҭам Мархолиа икандидатура Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабыс ишьақәдырҕәҕәеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа