Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара иҷыдоу зыҩаӡара ҳараку атехнологиатә медицинатә цхыраара аҟаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапаҵарҩит Москва
Москва жьҭаарамза 18 рзы имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра рнапаҵарҩит иҷыдоу ацхыраара аҟаҵаразы, уи иаҵанакуеит иара убасгьы зыҩаӡара ҳараку атехнологиатә амедицианатә цхыраареи ахәшәқәа рыла аиқәыршәареи.
Аԥсуа ган ахьӡала аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр Зураб Маршьан, Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Каграманиан.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ацеремониа иалахәын Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистрра аусзуҩцәеи.
Абри атәы Аԥсныпресс ахь иаарыцҳаит Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура аҟынтәи.





























