27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧсни Урыстәылеи рыруаа амшын аҧшаҳәа ахьчара иазку ауснагӡатәқәа аус рыдулара еицымҩаҧыргеит
452
04.09.2018 16:34
Еицымҩаҧгаз аҵара-арратә усмҩаҧгатәқәа рхы аладырхәит 1 000-ҩык инарзынаҧшуа Аҧсни Урыстәылеи рыруаа.
Аҟәа. Цәыббрамза 4. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аҧсны атәылахьчара Аминистрра аруааи афицарцәеи, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра 7 арратә база ахатәы еилазаареи, ареспублика иахьаҵанакуа амшын аҧшаҳәа ахьчара иазку ауснагӡатәқәа аус рыдулара қәҿиарала еицымҩаҧыргеит.
Иарбоу арратә усмҩаҧгатәқәа Аҧсны Ареспублика иахьаҵанакуа нанҳәамза 7 инаркны цәыббрамза 15 рҟынӡа имҩаҧысуеит.

Аҧсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада анаҧхгаҩы Васили Луниов Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, иарбоу арратә зыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоу дрылацәажәеит: “Аруаа авиациеи арратә ҕбақәеи зхы иазырхәаз аҿагылаҩ иҟынтәи аҧшаҳәа ахьчара иазку ауснагӡатәқәа аус рыдырулеит”.
Аҧсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура анаҧхгаҩы Роланд Џьопуа иҟаиҵо адыррақәа рыла, иарбоу аррат-зыҟаҵаратә усмҩаҧгатәқәа зықьҩык инарзынаҧшуа Аҧсни Урыстәылеи рыруаа рхы аладырхәит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа