Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Александр Захарченко аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иалахәын

593
03.09.2018 12:36
Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Александр Захарченко аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иалахәын
Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Александр Захарченко нанҳәамза 31 Донецк ақалақь аҿы дҭархан.

Аҟәа. Цәыббрамза 3. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Кецба наҧхгара зиҭоз Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа, Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Александр Захарченко аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иалахәын. Алахьеиқәҵаратә усмҩаҧгатә Соловианенко ихьӡ зху Донецктәи аҳәынҭқарратә аопереи абалети рзы академиатә  театр ахыбраҿы имҩаҧган. Аусмҩаҧгатә ҧшь-сааҭ инареиҳаны имҩаҧысуан. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны аминистрцәа Реилазаара аинформациа аусбарҭа.



Ацеремониа рхы аладырхәит 100-нызықь ҩык инареиҳаны. Аҧсны аҧыза-министр Асҭамыр Кецба  аҧыза-министр Геннади Гагәылиа Доннецктәи Жәлартә Республика Ахада инпынҵақәа аамҭала иназыгӡо Дмитри Трапезников ихьӡала иааишьҭыз адышшыларатә шәҟәы дизаҧхьеит.

Адышшыларатә шәҟәы атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: “Иҟалаз арыцҳара ду инамаданы, ҳаҭала Шәареи, Донецктәи Жәлартә Республика ажәлари гәык-ҧсыкала срыдышшылоит. Александр Владимир-иҧа Захарченко агәаҕьреи агәымшәареи злаз аҧсадгьыл апатриот иашан. Аҧсны ажәлар Донецктәи Жәлартә Республика ажәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит”.



Иара убас, Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Александр Захарченко дахьҭархаз аҭыҧ аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. 


(АП): Александр Захарченко Донецк ақалақь, ақьафурҭа аҿы иҵаҵаз арҭҟәацга аҧжәара иахҟьаны иҧсҭазаара далҵит. Александр Захарченко Донецк ақалақь, Ленинтәи араион аҿы иҟоу анышәынҭра “Донецкое море”аҿы анышә дамадоуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа