27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Захарченко иҭахара инамаданы, Донецктәи Жәлартә Республика Ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо дидышшылеит
448
01.09.2018 13:43
Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны жәлар зегьы ари илахьеиқәҵагоу аамҭа азы Донецктәи Жәлартә Республика ажәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 1. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Александр Захарченко иҭахара инамаданы, Донецктәи Жәлартә Республика Ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Трапезников дидышшылеит.
Адышшыларатә шәҟәы атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
“Ҳаҭыр зқәу Дмитри Виктор-иҧа!
Александр Захарченко гәымбылџьбарала иҭархара азы ажәабжь гәалсра дула исыдыскылеит. Донецктәи Жәлартә Республика ажәлари, иҭахаз иуацәеи иҭахцәеи срыдышшылоит.
Александр Владимир-иҧа аҧсадгьыл апатриот, агәаҕьреи афырхаҵареи злаз уаҩын. Донбасс аҵеи иаша иаҳасабала, уи иҧсадгьыл ахьчаразы дгылеит, Донецктәи Жәлартә Республика аҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара азы илиршахьазгьы рацәоуп.
Агәра ганы сыҟоуп ари ацәгьоура знапы алакыз зегьы аамҭа кьаҿ иалагӡаны рыҧшаареи, азакәан ишаҳәо ала ақәнага рақәыршәареи шалыршахо. Аҧсны жәлар зегьы ари илахьеиқәҵагоу аамҭа азы Донецктәи Жәлартә Республика ажәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа