27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада официалтə визитла Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит
870
04.09.2018 11:32
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩ-ҳәынҭқаррак Рхадацәа реиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 4. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə визитла Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит.Абри азы адырра ҟалҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡҧҳа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аҳартә баҕәаза аҿы диҧылеит Шьамтəылатəи Арабтə Республика адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид аль-Муаллем.
Аацҳамҭа излаанацҳауа ала, аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩ-ҳәынҭқаррак Рхадацәа реиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит. Аиҿцəажəарақəа рҳəаақəа ирҭагӡаны Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахадеи Шьамтəылатəи Арабтə Республика Ахада Башар Ассади ҩ-ганктəи аусеицурақəа, иара убас Аҧсни Шьамтəылеи рыбжьара аизыҟазаашьақəа рыҿиара азҵаарқәа ирылацәажәараны иҟоуп.

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аҧыза-министр Геннади Гагəылиа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц, Ашəарҭадара Ахеилак амаӡаныҟəгаҩ Муҳаммад Кьылба, Адəныҟатəи аусқəа рминистр Даур Ақаҩба, атəылахьчара аминистр Мираб Қьышьмариа, аекономика аминистр Адгəыр Арӡынба.

Аиҿцəажəарақəа рхыркəшамҭаз иазгəаҭоуп Аҧсны Аҳəынҭқарреи Шьамтəылатəи Арабтə Республикеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқəшаҳаҭра анапаҵаҩра, аекономикеи, ахəаахəҭреи, аҭҵаарадырреи, атехникатəи, акультуратəи усеицуразы Шьамтəылеи Аҧсни еицырзеиҧшу Аилак аҧҵаразы аиҳабырабжьаратə Еиқəшаҳаҭра, иара убас ахəаахəҭреи аекономикатə усеицзуреи усхк ацхыраареи рҳəаақəҵареи рзы аиҳабырабжьаратə Еиқəшаҳаҭрақәа рыҵаҩра.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа