Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Шьамтәыла аҧыза-министр диҧылеит

373
06.09.2018 16:02
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Шьамтәыла аҧыза-министр диҧылеит
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәыла аҧыза-министр Имад Хамис диҧылеит. Аиҧылара, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟа иофициалтә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 6. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟа иофициалтә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шьамтәыла аҧыза-министр Имад Хамис диҧылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.

Имад Хамис  Рауль Ҳаџьымба аҧсшәа еиҳәеит: “Ҳара Шәара Шьамтәыла ажәлар ирышәҭо адгылара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Ҳара Аҧсны иҟоу аҭагылазаашьа ҳазҿлымҳауп, агәыҕрагьы ҳамоуп Аҧсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа хра злоу аҟазшьа рыманы ишыҿило. Насгьы, Шәара иахьа ҳҳәынҭқаррахь имҩаҧыжәго аҭаара, аҩганк ирзыфеидоу алҵшәа бзиақәа шаиуо агәра ганы ҳаҟоуп”.

Рауль Хаџьымба аҧыза-министр иҟаиҵаз адкылара азы ҭабуп ҳәа еиҳәеит: “Ҳара ҳзы ари акырӡа зҵазкуа ҭоурыхтә хҭысуп. Аҧсны аофициалтә делегациа раҧхьаӡа акәны Шьамтәыла иаҭааит. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа хра злоу аҿиара аиурц. Имариам ҳазҭоу аамҭа азы аидгылара аҭахуп. Иахьа иҳабжьаҳҵо аусшәҟәқәа ҳусеицура аҿиара азы хадара злоу  импульсны иҟалоит”.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усхкқәа рзы Аҧсны-Шьамтәылатәи Аилак аҧҵара иадҳәалоу анаҧхгарабжьаратәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа мҩаҧысит.



Ахәаахәҭратә усхкы амҩаҧгареи аекономикатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра иадҳәалаз ацеремониа рхы аладырхәит Аҧсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Маҳаммад Самир Халиль.



Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усхкқәа рзы Аҧсны-Шьамтәылатәи Аилак аҧҵара иадҳәалоу анаҧхгарабжьаратәи Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика жәларбжьаратәи аусеицуреи азҧхьагәаҭареи рзы аусбарҭа анаҧхгаҩы Имад Сабуни.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа