Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы иҧылара иадҳәалоу аофициалтә церемониа мҩаҧысит

609
04.09.2018 19:29
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы иҧылара иадҳәалоу аофициалтә церемониа мҩаҧысит
Цәыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада официалтə визитла Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4. Аҧсныпресс. Ажәлар Рхан аҿаҧхьа иҟоу аплошьад аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы иҧылара иадҳәалоу аофициалтә церемониа мҩаҧысит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.



Цәыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада официалтə визитла Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит.



Аҩҳәынҭқаррак Рхадацәа реиҧылара аҿы аҩганктәи аусеицура аперспективақәа, иара убас, аҧсуа-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара иазку азҵаарақәа жәпакы рылацәажәара азҧхьагәаҭоуп.



Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аҧыза-министр Геннади Гагəылиа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц, Ашəарҭадара Ахеилак амаӡаныҟəгаҩ Муҳаммад Кьылба, Адəныҟатəи аусқəа рминистр Даур Ақаҩба, атəылахьчара аминистр Мираб Қьышьмариа, аекономика аминистр Адгəыр Арӡынба.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа