Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку иалкаау уснагӡатәқәак рашәарамза 1 аҟынӡа ирыцҵахоит

673
14.05.2020 20:15
Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку иалкаау уснагӡатәқәак рашәарамза 1 аҟынӡа ирыцҵахоит
Уи азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҟәа. Лаҵарамза 14. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку иалкаау уснагӡатәқәак рашәарамза 1 аҟынӡа рыцҵара азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.

“Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб азыӡба ашьаҭала, атәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчареи хықәкыс иҟаҵаны:

1. Иацҵазааит 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа Аҟәа ақалақьи араионқәеи рыҟны аалыҵтәи ақыҭанхамҩатәи џьармыкьақәа русура администрациақәа рхадацәа ишьақәдыргыло аграфики аҧҟарақәеи инарықәыршәаны асанитартә-епидемиологиатә маҵзурақәа ақәыршаҳаҭны, убри аан, аҭииҩцәа рзы хазхаҭалатәи ахьчаратә хархәагақәеи амедицинатә сабрадақәеи анапхазқәеи рныҟәара хымҧадатәны.

2. 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа иаанкылазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа амассатә, акультуратә, абаҩрҵәыратә, аспорттә, агәмырҿыӷьратә, алалабаратә, ацәыргақәҵаратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара.

3. 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа иаанкылазааит агәырӷьа-чаратә, аныҳәатә, егьырҭ аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара.

4. Иарбоу аамҭахәҭа иалагӡаны, иаанкылазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа атуристтә аекскурсиатә усура амҩаҧгара. Иаанкылазааит иарбоу аамҭа аҩныҵҟа атуристцәеи аекскурсантцәеи зҭаауа аобиектқәа русура.

5. Иаанкылазааит 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа атәылауаа рҭыҧқәа рынкылара, рыдкылара, асааирҭақәа, агәабзиарачаҧарҭақәа, аҧсшьарҭа ҩнқәа, асасааирҭа ҩнқәа, егьырҭ аҭыҧқәа рыҟны рыҩнаҵара.

6. 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа  иҧкызааит акатегориақәа зегьы ирыҵаркуа атәылауаа аҧсны-урыстәылатәи аҳәааҟны аужьра апунктқәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра ралалара, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русзуҩцәа, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла АШӘМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа, Еидҵоу урыстәылатәи арратә базақәа русзуҩцәа:
– жәларбжьаратәи аидара мҩангара иазку атранспорттә хархәагақәа;
– аидара мҩанызго адәыӷбақәа рныҟәцаҩцәа;
– Атәым ҳәынҭқаррақәа рмедицинатә усҳәарҭақәа рыҟнытә илҩааз Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, урҭ ирыцу ахаҿқәа, (аҭынхацәа); атәым ҳәынҭқаррақәа рмедицинатә усҳәарҭақәа рыҟнытә илҩааз ҿыц иизи урҭ рҭаацәеи хымҧадатәи рхыҧхьакралеи иақәнагоу амедицинатә хылаҧшра рыҭаралеи;
– зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны атәылауаа рыҧсыбаҩи урҭ ирыцу ахаҿқәеи (аҭынхацәа) раагареи аламҵакәа.

Иҷыдоу Аҭгылазаашьақәа рзы Аминистрреи, Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрреи, атәыла аҩҧыҵҟатәи аусқәа Рминистрреи, рашәарамза 1, 2020 шықәсанӡа Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭра-гәаҭаратә ҧыҧшырҭақәа рҿы уахи-ҽни инеиҧынкыланы аус зуа амедицинатә бригада еиҿнакаароуп.

7. Акоронавирустә ҿкы COVID-19 ачымазара ахьазгәаҭоу атәылақәа рыҟнытә иааз аҽны инаркны атәылауаа рҽыҧхьакра алыршара 14 мшы аҿҳәара рыҭаны.

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра азы ахынҳәразы аршаҳаҭгақәа зауз ахаҿқәа рзы адыррақәа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь анашьҭра хымҧадатәиуп.

8. 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа иаанкылазааит ҳазада ахәаахәҭра ахьымҩаҧысуа адәқьанқәа (диути-фри) русура аҧсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәааҟны.

9. 2020 шықәса лаҵарамза 15 инаркны еиҭахацыркзааит аресторанқәа, акафеқәа, абарқәа, аҧацхақәа, акрыфарҭақәа, акакалкырҭақәа, егьырҭ ауаажәларра крырҿаҵара аобиектқәа русура, атәылауаа арҭ аҭыҧқәа рҭаарада идәылганы рымаҵура, иара убас иҿаҵоу анагара аламҵакәа.

10. 2020 шықәса лаҵарамза 15 инаркны еиҭахацыркзааит ақалақьбжьаратә уаажәларратә транспорт арныҟәара (ахархәара), амашьына ласы такси аламҵакәа.

11. 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа  иаанкылазааит афитнес-центрқәа, аспорттә залқәа, СПА-салонқәа, саунақәа, амассажтә салонқәа русура.

12. 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа иаанкылазааит астоматологиатә маҵзурақәа русура, зыҧшра ҟамҵакәа, хырҧашьа змам астоматологиатә цхыраара зҭаху ачымазарақәеи аҭагылазаашьақәеи аламҵакәа.

13. 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа иаанкылазааит акультура аусҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультурааханқәа, аконцерттә залқәа, аҭоурых-культуратә ҳәырҧсаррақәа) русура.

14. 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа Аҳәынҭқарратә напхгараҭара ихадоуи аҭыҧантәии аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа, анаплакқәа, аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа 2020 шықәса лаҵарамза 15-нӡа 60 шықәса иреиҳаны изхыҵуа аусуҩцәа рхы иақәиҭыртәааит аџьатә (амаҵуратә) напынҵақәа рынагӡараҟнытә (аусура, аарыхра аҧхасҭа аҭарада) руалафахәы еиқәырханы.

15. 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа Аҳәынҭқарратә напхгараҭара ихадоуи аҭыҧантәии аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа, анаплакқәа, аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа иарбоу аусбарҭақәа, аусҳәарҭақәа, анаплакқәа, аиҿкаарақәа русзуҩцәа аҳәаанырцәтәи амаҵзуратә ныҟәарақәа рышьҭра мап ацәыркааит.

16. Иаанкылазааит ахәыҷтәы школнӡатәи усҳәарҭақәа русура 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа.

17. Иахәҭоу асанитар-епидемиологиатә хыдҵақәа рынагӡарала ажәеизатәи аклассқәа рҟны аҧышәарақәа рыҭира уахь иналамҵакәа, ашколтә ҵараиуратә усҳәарҭақәа рыҟны 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа аҧсшьармшқәа ирыцҵазааит.

18. Иахәҭоу асанитар-епидемиологиатә хыдҵақәа рынагӡарала аҧышәарақәа рыҭиреи адипломтә усумҭақәа рыхьчареи уахь иналамҵакәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи иаарту аинститут аҟны, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра абжьара-занааҭтә ҵараиуратә усҳәарҭақәа рыҟны 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа иаанкылазааит азыҟаҵарақәа.

19. Иаанкылазааит аҵараиуратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, аҽазыҟаҵаратә залқәа русура 2020 шықәса рашәарамза 1-нӡа.

20. Абри Ақәҵара анагӡаразы азинмы змоу, аҭакҧхықәра зду усбарҭаны ишьақәыргылазааит:
– Аҟәа ақ, араионқәеи радминистрациақәа – Адҵа апункт 1 анагӡаразы; 
– Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Адҵа апунктқәа 2, 3 рынагӡаразы;
– Аҧсны Аҳәынҭқарра Атуризм аминистрра – Адҵа апунктқәа 4, 5 рынагӡаразы;
– Аҧсны аҳәынҭқарратә Ашәарҭадара амаҵзура – Адҵа апункт 6 актәи аҭа анагӡаразы;
– Аҧсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра – Адҵа апункт 6 аҩбатәи ахәҭа анагӡаразы;
– Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра; Аҧсны Аҳәынҭқарра асанитартә ҳақьым хада; араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа – Адҵа апункт 7 анагӡаразы;
– Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы – Адҵа апункт 8 анагӡаразы;
– Аҟәа ақ, араионқәеи радминистрациақәа; Аҧны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра – Адҵа апунктқәа 9, 11, 12 рынагӡаразы;
– Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра; Аҟәа ақ, араионқәеи радминистрациақәа – Адҵа апункт 13 анагӡаразы;
– Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Аппарат; Аҟәа ақ, араионқәеи радминистрациақәа – Адҵа апункт 14, 15 анагӡаразы;
– Аҧсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистрра – Адҵа апункт 15 анагӡаразы;
– Аҵареи абызшәатә политикеи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрра – Адҵа апунктқәа 16-19 рынагӡаразы.

23. Абри Адҵа амч аиуеит 2020 шықәса лаҵарамза 14 инаркны".

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа