Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аҿы амҩаҿы ишәарҭадоу аныҟәара алыршаразы ауснагӡатәқәа аус рыдулара мҩаҧысит

59
06.05.2020 13:02
Аҧсны аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аҿы амҩаҿы ишәарҭадоу аныҟәара алыршаразы ауснагӡатәқәа аус рыдулара мҩаҧысит
Иарбоу ауснагӡатәқәа атәыла аҩныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иҟаиҵаз Адҵа инақәыршәаны ишьақәыргылоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 6. Аҧныпресс. Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз Адҵа инақәыршәыны, Аҧсны аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аҿы амҩаҿы ишәарҭадоу аныҟәара алыршаразы ауснагӡатәқәа аус рыдулара мҩаҧысит. Абри атәы аанацҳауеит аҩныҵҟатәи аусқәа рхылаҧшырҭа хада асаит.

Амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара иазырхоу ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара ахымҧадатәра азгәаҭо, Аҧсны аҳәынҭқарратә автоинспекциа  Аусбарҭа анапхгаҩы Баҭал Агрба ахыҧхьаӡаратә еихшьаалақәа ааигеит. Убас уи иажәақәа рыла: “Иҳаҩсыз 26 шықәса рыла иҳацәҭахахьеит 1 437-ҩык, еиуеиҧшым ахәрақәеи ахәахәа-чахәарақәеи роуит 6 148 -ҩык. Аҧсны 2019 шықәса рзы амҩатә машәыр иахҟьаны иҭахаз рхыҧхьаӡара – 56-ҩык рҟынӡа инаӡеит”.

Убри аан, Баҭал Агрба, иалагалаз афото-видео фиксациа асистема ахархәарала амҩатә зинеилагарақәа рганахьала административтә практика макьаназы амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рыҧхьырҟәҟәаара иахәҭоу анырра аиуратәы еиҧш аҿиара аманы иҟам ҳәа иазгәеиҭеит. “Апроект “Ишәырҭадоу ақалақь” шьаҿа-шьаҿала анагӡара азы азҵаара ықәгылоуп. Убри аан, ареспубликатә мҩа аҿы афото-видео фиксациа арӷәӷәареи, иара убас ауаажәларра ахьеизо аҭыҧқәа алаҧхҳәаа амҩаҧгаразы ахсаалага асистемақәа рҳәаақәа арҭбаара азҧхьагәаҭоуп. Убри иабзоураны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра адыррақәа аус рыдулара Ацентр аҿы ауаажәларратә шәарҭадара амониторинг мҩаҧгахалоит”, – ҳәа иҳәеит иара.

Баҭал Агрба иара игәаанагарала амҩақәа рҿы хра злам аҭагылазаашьа зырҽеиуа конкретла ауснагӡатәқәа дырзааҭгылеит:

1. Аидеологиа-информациатә усура;

2. Амҩатә ҧыҧшырҭа Амаҵзуреи Ахьчара-ҧыҧшырҭатә Маҵзуреи реидылара иазырхоу аструктуртәии аиҿкаара-штаттәии аиҭакрақәеи аҧсахрақәеи ралагалара;

3. Иҟоу азакәанҧҵареи ахылаҧшратә анорма-зинтә шәҟәынҵақәеи аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара;

4. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Адыррақәа аус рыдулара Ацентр абазаҿы амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргыларазы Иаку аанапхгарабжьаратәи аинформациа-аналитикатә центр аҧҵара;

5. Аппарат-программатә комплекс “Ишәарҭадоу ақалақь” анаҩстәи аҿиареи алаҵәареи, Амҩатә ҧҟарақәа реилагалара автоматтә фиксациа асистемақәа русура аиӷьтәреи;

6. Аҳәынҭавтоинспекциа амҩатә-ҧыҧшырҭатә Маҵзура аҭыҧантәи аҧыҧшырҭатә ҭыҧқәа реиҭеиҿкаара;

7. Аҧыҧшырҭатә Маҵзурақәа рметериал-техникатә еиқәыршәара аҩаӡара ашьҭыхра;

8. Амҩатә ныҟәара аҧҟарақәа реилагара автоматизациатә ҳасабырбара иаку абаза аҟынӡа анаӡара алзыршо ицхыраагӡоу ашьақәыгылагақәа раҧҵара. 

9. Автошколқәа рҿы аҵара апроцесси ашәҟаҭагаларатә ҧышәатә ҟәша (АҦҞ) аҿы аҧышәарақәа рыҭииреи ахылаҧшра арӷәӷәара;

10. Амҩақәа ринфраструктура аиӷьтәра, ҿыц иргылахо аиланхарҭа ҩнқәа, ақьабзтә залқәа, ахәаахәҭратә обиектқәа, ухәа ахыбрақәа рыргылаҩцәа алархәны амашьынақәа рыргыларазы аҭыҧқәа рааныжьразы акомпенсациатә усмҩаҧгатәқәа рынагӡара. 

11. Амҩатә машәыр иахҟьаны ааха зауз ирласу амедицинатә цхыраара рыҭараазы ҳаамҭазтәи асистема аҿиара.  

“Амҩатә ҧҟарақәа рықәныҟәара ҭакҧхықәрала шәазнеиларц азы аҳәара ҟаҳҵоит, избан акәзар, уи амҩа иану, амашьына аҧсҟы зку ргәабзиара, уимоу иара рыҧсҭазаарагьы ахьчареи аиқәырхареи иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп”, – ҳәа иажәа хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит Баҭал Агрба.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа