Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны аҧыза-министр Аҟәа ақалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡо дидикылеит

90
18.05.2020 20:43
Аҧсны аҧыза-министр Аҟәа ақалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡо дидикылеит
Беслан Ешба аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҳҭнықалақь аҿы асанитар-епидемиологиатә нормақәа рықәныҟәареи, ауаажәларра крырҿаҵара аобиектқәа русура арежими рзы адырра ииҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18. Аҧсныпресс. Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҟәа ақалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡо Беслан Ешба дидикылеит.

Беслан Ешба аҧыза-министр аҳҭнықалақь аҿы асанитар-епидемиологиатә нормақәа рықәныҟәареи, ауаажәларра крырҿаҵара аобиектқәа русура арежими рзы адырра ииҭеит.

Уи иажәқәа рыла, ақалақь Ахадара амаҵзурақәа ауаажәларра крырҿаҵара аобиектқәа русура ахылаҧшра арҭоит.

Беслан  Ешба  иҟаиҵаз адыррақәа рыла, зынӡа аҳҭнықалақь аҿы иахьа 100 инарзынаҧшуа ауаажәларра крырҿаҵара аобиектқәа аус руеит, урҭ рыбжеиҳарак макьаназы русура амҽхак нагӡаны ирзынагӡом, атәылауаа арҭ аҭыҧқәа рҭаарада идәылганы рымаҵура, иара убас иҿаҵоу анагарала аус руеит.

Атәыла аҧыза-министр, аҳҭнықалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡо иҟаиҵаз Ашәҟәынҵа инақәыршәаны, мшаҧымза 19 ҩаҧхьа аусуразы азин зауз ауаажәларратә транспорт аусуреи, иара убри аан асанитартә нормақәа рықәныҟәара алыршареи рызҵаарагьы дазааҭгылеит.

Беслан Ешба ақалақьтә транспорт арныҟәцаҩцәа иахәҭоу аинструктаж иахысуеит, урҭ адезинфекциатә хархәагақәа рыла еиқәыршәоуп, ауааҧсыра рныҟәгараан  амедицинатә сабрадақәа хымҧада ирҿазароуп, насгьы автотранспорт уаала иҭәымзароуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Атәыла Анапхгара Ахада ақалақь Ахадара иаҵанакуа аусбарҭақәа рәы адисциплинеи ахылаҧшреи ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара азы ажәалагала ҟаиҵеит.

Иара убас, аҧыза-министри аҳҭнықалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡоуи аструктура аиҭарҿиареи, Аҟәа ақалақь Ахадара аусбарҭақәеи аҟәшеиҵақәеи реиҵатәреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа