27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧсны, Аахыҵ Уаҧстәыла, Ермантәыла Аладатәи арратә округқәа рхысырҭақәа рҿы инарҭбаау азыҟаҵарақәа хацыркхеит
635
17.08.2015 12:30
Аицҭырҟьаратә мца ареактивтә системақәа рҟынтәи арратә хысрақәа Аладатәи арратә округқәа рхысырҭақәа рҿы имҩаҧысраны иҟоуп. Уи амҩаҧгараан 9 нызқьҩык артиллеристцәа рхы аладырхәит. Убри аан 3 нызқь инареиҳаны аракета-артелерриатә арбџьар хкқәа ахархәара роуит, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Афедерациа атәылахьчара Аминистрра.
Аҟәа. Август 17. Аҧсныпресс. “Иааизакны абатареиақәа рхархәарала 50 рҟынӡа атактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаҧгара азҧхьагәаҭоуп. Урҭ рахьтә 40–арратә хысрақәа ацны, 20 инарзынаҧшуа адивизионтә мца ахырхарҭа аҭареи ахысреи рзы азыҟаҵарақәа рымҩаҧгара. “Артиллеристцәа зқьы инареиҳаны арратә дҵақәа нарыгӡоит. 900 рҟынӡа инаӡо арратә хысрақәа уахь иаҵанакуеит”, – ҳәа аҳәоит Аладатәи арратә округ апресс маҵзура ашәахьа иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.
Азыҟаҵарақәа хыркәшахоит сентябр 18 рзы. Азыҟаҵарақәа ахыркәшаратә етап аҿы артиллериатә бџьар ала ахысреи адивизионтә мца ахырхарҭа аҭареи аицҭырҟьаратә мца ареактивтә системақәа “Град-М”, “Ураган”, “Смерч”, 152-мм иҟоу агаубица “Мста-С”, уҳәа егьырҭ асистемақәа рҟынтәигьы арратә хысрақәа рынагӡареи мҩаҧысуеит.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























