Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны абжьаратәи ашколқәа рҿы аиагаратә ҧышәарақәа аҧыхуп

55
26.03.2020 12:22
Аҧсны абжьаратәи ашколқәа рҿы аиагаратә ҧышәарақәа аҧыхуп
Уи азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо, аҧыза-министр Валери Бганба.

Аҟәа. Хәажәкырамза 26. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо, аҧыза-министр Валери Бганба Аҧсны абжьаратәи ашколқәа 4-8, 10 аклассқәа рҿы есышықәсатәи аиагаратә ҧышәарақәа раҧыхра азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Ақәҵара атекст аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

“Аҧсны азеиҧшҵараиурҭақәа рҿы аҧсшьараамҭа ахьацҵоу инамаданы, аҵарадырра Аминистрра 4-8, 10 аклассқәа рҿы есышықәсатәи аиагаратә ҧышәарақәа раҧыхра азы аӡбамҭа аднакылароуп”.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа