Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрра – Ауаҩы ииммунитет зырҧсыҽуа авирустә чымазара иаҿагылоит

583
01.12.2016 14:22
Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрра – Ауаҩы ииммунитет зырҧсыҽуа авирустә чымазара иаҿагылоит
“Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿы Ауаҩы ииммунитет зырҧсыҽуа авирустә чымазара апрофилактика” ҳәа хыс измоу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы аус ауеит еиҭаҵуа амедицинатә лабораториа.

Аҟәа. Ҧхынҷкәын 1. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аиммунитет зырҧсыҽуа ирҳау авирустә чымазара асиндром (СПИД) аҿагылара адунеизегьтәи Амш азы, аиммунитет зырҧсыҽуа ирҳау авирустә чымазара асиндроми, егьырҭ аҿкы чымазарақәеи апрофилактикеи аҿагылареи рзы ареспубликатә Центр еиҭаҵуа амедицинатә лабораториа аусура еиҿнакааит.

Ауаа хатәгәаҧхарала ауаҩы ииммунитет зырҧсыҽуа авирустә чымазара (ВИЧ), агепатит B, С, ҳәа иҟоу ачымазарақәа рцәа иалоу иаламу аилкааразы, иарбоу, ҷыдала еиқәыршәоу алабораториа аҿы агәаҭарақәа иахысыр рылшоит.

Аҳақьым, Наҭела Ҭопуриа Ацентр аусура атәы далацәажәеит: “Ҳара 2001 шықәса инаркны аус аауеит. Ари аамҭа иалагӡаны Ацентр аҿы 1000-ҩык инарзынаҧшуа ауаа ашәҟәы иҭагалоуп. 411-ҩык апациентцәа амедицинатә цхыраара роура иалагахьеит, урҭ рахьынтә 7-ҩык ахәыҷқәа роуп. Ахәыҷқәа, ауаҩы ииммунитет зырҧсыҽуа авирустә чымазара (ВИЧ) аинфекциа злаҽны иҟаз, иахәҭаз апрофилактика иахымсуаз ранацәа рҟынтәи дара рахь ииасит”.


medlaborotoriya_SUkhum_Abkhazia_011216.jpg 

Иара убас, аҳақьым Наҭела Ҭопуриа ачымазара азы адыррақәа ҟалҵеит: “Ауаҩы ииммунитет зырҧсыҽуа авирустә чымазара (ВИЧ) – ашьа аҿы авирус аларҵәара зырмаҷуа ҷыдала иаҧҵоу ахәшәқәа рыла аҳәаақәҵара зуа чымазара лаҽы ауп. Убри ала, иарбоу ачымазара ауаҩы иимуннитет иамоу анырра лаҟәуеит. Зықәратә категориа 35 инаркны 50 шықәса рҟынӡа инаӡо ауаа роуп еиҳарак ари авирус злаҽуа. Уи аӡәы иҟынтәи даҽаӡәы иахь ииасыр алшоит ашьа ала, асагәратә еимадарала, иара убас аинфекциа злаҽны иҟаз, иахәҭаз апрофилактика иахымсуаз ан лҟынтәи асаби иахь. Ауаҩы зыӡбахә аагоу авирус аиасра атәы ибзианы идыруазар, уи ари ачымазара ихы ацәихьчар илшоит”.

Наҭела Ҭопуриа Ацентр аусура хықәкы хадас иамоу атәы еиҭалҳәеит: “ҳара ҳцентр аусура ахықәкы хада – атәыла аҿы ауаҩы ииммунитет зырҧсыҽуа авирустә чымазара (ВИЧ), аиммунитет зырҧсыҽуа ирҳау авирустә чымазара асиндром (СПИД) ҳәа иҟоу ачымазара ҿкы ахкқәа атәылаҿы аҭыҧ шрымоу, уи ашәарҭара шрыцу, уи хырҩа азура шыҟамло ауааҧсыра рыхдырра аҟынӡа анагара ауп. Ауаҩы ихьыз ачымазара атәы ианаамҭоу идырыр, уи авирус аларҵәара аҳәаақәҵара алыршахоит. Усҟан иара ауаажәларра рзы дшәарҭахом, аҧсҭазааразы алшара иманы дҟалоит”.

Ауаҩы ииммунитет зырҧсыҽуа авирустә чымазара (ВИЧ), аиммунитет зырҧсыҽуа ирҳау авирустә чымазара асиндром (СПИД) ҳәа иҟоу ачымазара ҿкы ахкқәа ицәа иалоу иаламу аилкааразы агәаҭаратә тест иадҳәалоу апроцедура амҩаҧгара 15 минуҭ ирҭагӡахоит. Убри аан, аҳақьым апациент ишьа илхны агәаҭара анымҩаҧигалак ашьҭахь, уи алҵшәақәа уаҳа аӡәгьы даламхәӡакәа, ирмаӡаны, гәрагарала изнеигоит. Иарбоу апроцедура изҭаху зегьы рзы ихәыда-ҧсадоуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа