Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аҿы иаҧҵаз “Асакьаҳәымҭазтәи ацәаҳәа” ауаажәларратә еиҿкаарақәа адгылара арҭеит

55
26.03.2020 18:18
Аҧсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аҿы иаҧҵаз “Асакьаҳәымҭазтәи ацәаҳәа” ауаажәларратә еиҿкаарақәа адгылара арҭеит
Уахи-ҽни инеиҧынкыланы аусура арежим ала ауааҧсыра рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара иазхиоуп аволтиорцәа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 26. Аҧсныпресс. Аҧсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи Рминистрра аҿы иаҧҵаз, уахи-ҽни инеиҧынкыланы аусура арежим ала аҿкы чымазара COVID-19 азы ҭелла ауааҧсыра рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара иазырхоу “Асакьаҳәымҭазтәи ацәаҳәа” ауаажәларратә еиҿкаарақәа адгылара арҭеит. Урҭ иреиуоуп: ауаажәларра-гәыҳалалратә еиҿкаара “Кьараз”, акултура-гәыҳалалратә Фонд “Ашана”, ауаажәларратә еидгылара “Аҧсны иқәынхо аурысцәа реидгылара”. Абри атәы аанацҳауеит агәабзиареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра апресс-маҵзура.

Аацҳамҭа излаанацҳауа ала, уажәы аволонтиорцәа аҳақьымцәа-аинфекционистцәа рҟынтәи иарбоу аусура анагӡаразы ихымҧадатәиу адыррақәа раиуразы аконсультациақәа ирхысуеит.

Иарбоу “Асакьаҳәымҭазтәи ацәаҳәа” уажәырнахыс абарҭ амобилтә ҭелқәа алагалоуп:
‪+ 7 (940) 995 02 07;‬‬‬
+ 7 (940) 773 50 50;
+ 7 (940) 711 30 77;‬
‪+ 7 (940) 935 30 71, иара убас астационартә ҭел аномер: + 7 (840) 229-44-00 ыҟоуп.‬
     
Анаҩс, “Асакьаҳәымҭазтәи ацәаҳәа” иалагалоу аномерқәа харҭәаахоит. Уи азы иназыцҵоу аинформациа рыҭахоит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа