Ажәабжьқәа

Популярное

Аԥсны ахаҭарнакцәа Сириаҟа ацара ргәы иҭоуп уа иҟоу аҭагылазаашьа ҭырҵаарц азы

691
11.01.2012 11:22
Аԥсны ахаҭарнакцәа Сириаҟа ацара ргәы иҭоуп уа иҟоу аҭагылазаашьа ҭырҵаарц азы

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чирикба Сириатәи Ареспубликаҿы иҟоу аҭагылазаашьа иазку аилацәажәара мҩаԥигеит, уаҟа хыԥхьаӡара рацәала аԥсуаа ахьынхо инадҳәланы.
Аилацәажәара иалахәын Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Зураб Адлеиба, Сириеи Ҭырқәтәылантәи ареприантцәа рхаҭарнакцәа Амер Кәыџьба, Ианал Хапышт, Аҳмат Маршьан, Октаи Чкотуа, иара убасгьы Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Батал Кобахьиа.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәылеи Ааигәатәи Мраҭашәареи русқәа рзы аҟәша аиҳабы Инар Гыцба аиԥылара ашьҭахь ажурналистцәа излареиҳәаз ала, аилатәара иалахәыз ирылацәажәеит еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳџьнџьуаа рыцхырааразы.
Аиԥылара иалахәыз ргәаанагарақәа еибырҳәеит.Иалацәажәеит Сириаҟа амиссиа ашьҭразы азҵаара, уа иҟоу аҭагылазаашьа аҭҵааразы.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа